Ақалақьтә еизара адепутатцәа еиҭалхуп

© Sputnik Томас ТхайцукЗдание администрации г. Сухум.
Здание администрации г. Сухум. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхырҭатә ҭыԥқәа №2; № 10 рҟны цәыббра 17 рзы имҩаԥган аиҭалхрақәа Ақалақьтә еизарахь.

АҞӘА, цәыббра 18 — Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Алхырҭатә ҭыԥқәа №2; № 10 рҟны цәыббра 17 рзы имҩаԥган аиҭалхрақәа Ақалақьтә еизарахь. Алхратә комиссиа имҩаԥнагеит заанаҵтәи аихшьаалақәа ҳәа ҳзааицҳаит Аҟәатәи Ақалақьтә еизарахь адепутатцәа ралхраз акомиссиа ахантәаҩы Аслан Дочиа.

"Аҩбатәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны 48 бжьы рыла аԥыжәара имоуп Саид Быҭәба, ажәабатәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны 124 бжьы рыла аԥыжәара имоуп Ҭемыр Кәпалба", — иҳәеит иара.

Акомиссиа ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала асааҭ 18 рынахыс ауаа абжьыҭирахь рнеира еиҳа иактивхеит. Аҩбатәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны ауаа рнеира 43 % шьақәнаргылеит, ажәабатәи аҟны — 28 %. Официалла алхрақәа мҩаԥысит ҳәа ишьоуп.

Алхрақәа мҩаԥган адепутат Баграт Занҭариа иԥсҭазаара дахьалҵызи, адепутат Лаша Ашәба Жәлар Реизарахь депутатс дахьалырхызи инарымаданы.

Ажәабжьқәа зегьы
0