Адунеи амисс Аԥсны Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩыс дҟалеит

© SputnikМисс Мира Ксения Сухинова стала Послом доброй воли Абхазии
Мисс Мира Ксения Сухинова стала Послом доброй воли Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи амисс Ксениа Сухинова Аԥсны Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩыс дҟалеит. Лара хара имгакәа Аԥсны даҭаараны дыҟоуп.

АҞӘА, цәыббра 26— Sputnik. Аԥшӡараз аиндаҭларақәа рҟны "Мисс России" "Мисс Мира" ҳәа ахьӡ згаз Ксениа Сухинова Аԥсны Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩыс дҟалеит.

МИА "Россия сегодня" аҟны аԥсуа шәҟәыҩҩ ду Алықьса Гогәуа ишәҟәы "Асду" аӡыргараан, Аԥсны Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниа иҳәеит Ксениа Сухинова абри аиҿкаара лалахәра акыр хра аманы иҟалон ҳәа. Иара убри аан иазгәеиҭеит Ксениа агәыҳалалра аусхк аҟны аԥышәа маҷымкәа ишлымоу атәы. Лара хара имгакәа Аԥсны даҭаараны дыҟоуп.

"Сара гәахәара дула схы аласырхәуеит аҿар аспорти агәыҳалалреи радыԥхьалара. Аԥсны оумашәа иԥшӡоу, асас идкылара еснагь иазыхиоу тәылоуп. Сара агәыҳалалратә тур аҳәаақәа ирҭагӡаны 30 тәыла рҟны еизызгеит 25 миллион доллар аԥар. Сгәы иаанагоит Аԥсны азгьы схәарҭахап ҳәа", — лҳәеит лара.

Адунеи амисс Ксениа Сухинова Аԥсны Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩыс дҟалеит. Лара хара имгакәа Аԥсны даҭаараны дыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0