Аԥснытәи аҿар алахәхоит Жәларбжьаратәи адунеизегьтәи афестиваль

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОлимпийский Сочи с борта вертолета
Олимпийский Сочи с борта вертолета - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҿари астудентцәеи Жәларбжьаратәи адунеизегьтәи рфестиваль мҩаԥысраны иҟоуп Шәача, жьҭаара 14-22 рзы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҿартә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҭеимураз Кәакәасқьыр.

АҞӘА, жьҭаара 5 — Sputnik, Бадри Есиава. Аҿари астудентцәеи Жәларбжьаратәи адунеизегьтәи рфестиваль Аԥснытәи алахәылацәа афестиваль аформатқәа зегьы ирылахәхап ҳәа агәыӷра ҳамоуп иҳәеит Аԥсны аҿартә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҭеимураз Кәакәасқьыр.

"Аԥсны ахьӡала афестиваль иалахәхо аҿар рсиаҿ иарбоуп 70-ҩык рҟынӡа. Дара зегьы еиуиеԥшым аусхкқәа знапы рылаку роуп. Ҳара иаҳҭахуп ҳҿар ганрацәала рдыррақәа аҿиара шрымоу дҳарбарц", — иҳәеит иара.

Кәакәасқьыр иҳәеит агәрагара шимоу ҳҿар Аԥсны иахәҭоу аҳаракырала ахаҭарнакра шрылшо азы. Афестиваль иалахәхоит 100 тәылак рхаҭарнакцәа, 20 000-ҩык рҟынӡа аҿар.

Аҿари астудентцәеи Жәларбжьаратәи адунеизегьтәи рфестиваль амҩаԥгаразы аӡбра рыдкылан 1945 шықәса рзы, аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь, Лондон, адунеизегьтәи аконференциа "Аҿар аҭынчразы" аҟны.

Аԥхьатәи афестиваль мҩаԥган 1947 шықәса рзы Прага ақалақь аҟны. Иара иалахәын 71 тәыла рҟынтәи 17 000-ҩык аҿар. Имҩаԥысуан фымчыбжь инарзынаԥшуа.

1957 шықәса рзы Москва имҩаԥысит афбатәи афестиваль. Иара иалахәын 131 тәыла рҟынтәи 34 000-ҩык аҿар.

Ажәабжьқәа зегьы
0