Аншԥҳа: иреиӷьқәоу аԥқьаҭасҩцәа рхыԥхьаӡарахь саҵанакыр сҭахуп

© Фото : http://www.itftennis.comАмина Аншба
Амина Аншба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ԥқьаҭасыҩ Амина Аншԥҳа Анталиа имҩаԥысуаз аԥқьаҭасразы ITF акатегориа иатәыз аиндаҭлара далахәын, аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит. Иара мҩаԥысуан цәыббра 18 - 24 рзы Ҭырқәтәыла, Анталиа.

АҞӘА, жьҭаара 5– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа ԥқьаҭасыҩ Амина Аншԥҳа Анталиа имҩаԥысуаз аԥқьаҭасразы ITF акатегориа иатәыз аиндаҭлараҿы, аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит. Амина Аншԥҳа Sputnik аинтервиу аналҭоз илҳәеит гәҭакны ишлымоу 2017 шықәса рзы адунеиаҿ иреиӷьу ахәмарыҩцәа 300-ҩык рыҽлылархәра.

"Сара исылшо зегьы ҟасҵоит абри схықәкы анагӡаразы. Иахьазы сара 480-тәи аҭыԥ ааныскылоит. Исҭахуп "ТОП – 300" рылахәхара", — лҳәеит лара.

Амина Аншԥҳа иазгәалҭеит аҵыхәтәантәи аиндаҭлараҿы аиааира агара лыҽшазылшәоз, аха даҵахеит, аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит.

"Ҭырқәтәылатәи жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҟны ҩ-турк сырхысит. Иааныскылеит аҩбатәи аҭыԥқәа хԥа. Сынтәа, цәыббра инаркны "Юниор" акатегориа аҟны ахәмаррақәа хсыркәшеит, 18 шықәсанӡа зхыҵуа рыбжьара адунеи TOP-5 саланы. Уажәшьҭа сыхәмарлоит адуцәа ртурнирқәа рҿы. Иахьатәи сыхәмарраҿ Швециатәи аԥқьаҭасыҩ Фанни Остлунд исаԥылгеит 3:6, 1:6 ҳәа", — лҳәоит Аншԥҳа.

Лара лажәақәа рыла арҭ атурқәа имариаз ракәны иҟамызт лара лзы. Даарагь лҽазыҟалҵон.

"Ахәмарра уадаҩын. Атурнир иалахәыз зегьы рыҩаӡара ҳаракын. Аҩбатәи аҭыԥ ахьааныскылазгьы агәахәара снаҭоит. Ҳәарада аиааира сҭахын, аха…" — лҳәеит Амина.

Аԥқьаҭасыҩ агәра ганы дыҟоуп абри аспорт хкы аҟны аԥсихологиа аҭыԥ ду шааннакыло.

"Сара еснагь сҽазсырхиоит аиааирагьы аҵахарагьы. Сҽазыҟасҵоит ахәмарра ауадаҩра", — ҳәа еиҭалҳәоит Амина.

Аншԥҳа еиҭалҳәоит дызцыхәмаруа рыԥсихологиа аҭҵаара лыҽшазылшәо.

"Сызцыхәмаруа рыхәмаррақәа авидео ала срыхәаԥшуеит. Рыхәмаршьа ҭысҵаауеит. Ахәмарра амҩаԥысраан уҭынчзарц азы ахәмарра уалагаанӡа уи уҽазурхиароуп", — лҳәоит аԥқьаҭасыҩ.

Лара лажәақәа рыла аинтерес аҵоуп абри аспорт ахкы аҟны алшамҭақәа змоу рыцыхәмарра.

Амина Аншба - Sputnik Аҧсны
Амина Аншԥҳа Анталиа аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит

"Уи акыр узҭо ԥышәоуп. Сара еснагь исгәаԥхоит исеиӷьқәоу рыцыхәмарра, ак рыҿҵаара", — лҳәоит Амина.

Иаарласны Амина дрылахараны дыҟоуп Италиа имҩаԥысраны иҟоу атурнирқәа. Урҭ рыҩаӡара Ҭырқәтәылатәи атурнирқәа раасҭагьы иҳаракуп. Амина Аншԥҳа 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз рыбжьара 2013 шықәса рзы зегьы драԥхьагылан, Урыстәыла, Бельгиа, Германиа, Швеицариа, Узбекистан, Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнирқәа дрылахәын.

2016 шықәса рзы Европа ачемпионат аҿы 18 шықәса зхыҵуаз рыбжьара лҩызцәа ираԥылгеит. Уаанӡа 1995 шықәса рзы ираԥхьатәиу ҳәа атитул лыман Анна Курникова.

Амина дрылахәын: US Open (США), Roland Garros (Франциа) Wimbledon (Британиа ду).

Ажәабжьқәа зегьы
0