Иҵару азҵаарақәа: Sputnik арадиодырраҭара ҿыц "Коӷониаԥҳа лымҩаду"

© Sputnik / Томас ТхайцукЭлеонора Когония
Элеонора Когония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитикеи, аекономикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирызку иактуалтәу атемақәа ирылацәажәауеит, аимак-аиҿак зхылҿиауа азҵаарақәа шьҭырхуеит автортә дырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны.

АҞӘА, жьҭаара 6 — Sputnik. Иҵару азҵаарақәа ирзааҭгылахоит Sputnik арадиостудиаҟны, ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа лавтортә дырраҭара аҟны. 

"Ҳаԥсҭазаара аҩныуҵҟа еилашуа азҵаатәқәа: аполитика, асоциалтә, акультуратә уҳәа роуп ҳара ҳдырраҭараҿы ҳазлацәажәало.Раԥхьатәи адырраҭарахь ааԥхьара рымоуп ауаажәларратә усзуҩы  Октаи Ҷкотуеи, аҵарауаҩ Аслан Аҩӡбеи. Темас ишьҭысхит-  ҳаԥсадгьыл иахьатәи аҭагылазаашьа. 24 шықәса ҵит Аԥсны ахы иақәиҭтәуижьҭеи, ҳаԥсадгьыл амаҵ шԥаҳуеи, ҳзабашьызи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа, мҩас иалаҳхызеи уҳәа раԥхьатәи адырраҭараҿы ҳалацәажәоит", — лҳәеит Елеонора Коӷониаԥҳа.   

Адырраҭарахь иааилоит зхатә гәаанагара змоу, уи аҳәара иацәымшәо ҳәа, азгәалҭеит лара.

"Ҳара ҳҽазаҳшәалоит еиҿагылоу агәаанагарақәа реиқәыршәара, уи азыӡырҩцәа рзы еиҳа аинтерес аҵахоит. Адырраҭара ахьӡ аредакциаҿы исыдыргалеит, аԥхьа усҟак исгәамԥхеит, аха нас сазааит. Ари еиҭарсу ҵакы змоу хьӡуп, мамзар са сеиԥш иҟоу амҩадуҵәҟьа санызҵода", — дахлафаауеит ажурналист. 

Есымчыбжьа, сабшала, асааҭ 18:00 рзы арадио Sputnik Аԥсны аефир ала шәазыӡырҩла автортә дырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду". 

Ажәабжьқәа зегьы
0