Гран-при, нас ахьтәы медалқәа хәба анашьахеит Аԥсны, ацәыргақәҵаҟны

Олег Барциц
Олег Барциц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XIX Жәларбжьаратәи агроааглыхратә цәыргақәҵа "Золотая осень-2017" хыркәшахеит Москва, жьҭаара 7 рзы.

 АҞӘА, жьҭаара 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Гран-при, нас ахьтәы медалқәа хәба анашьахеит Аԥсны XIX Жәларбжьаратәи агроааглыхратә цәыргақәҵа "Золотая осень-2017" аҟны. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц.

"Ацәыргақәҵа аихшьаалақәа рыла Аԥсны аиҳабыреи, Ахәаахәҭатә хаҭарнакреи, Аԥсны Жәларбжьаратәи акультуратә усутә центри Гран-при ранашьахеит Жәларбжьаратәи аекономикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиаразы. Уи адагьы ҳара ҳнаплакыҩцәа Аԥсныҟа иааргеит ахьтәы медалқәа хәба", — иҳәеит Олег Барцыц.

Иара иазгәеиҭеит Аԥсны изныкымкәа абри ауснагӡатә ишалахәхьоу. Барцыц игәаанагарала аԥсуа аалыҵ ахьтәы медалқәа анашьара иара ԥхьаҟатәи абзарӡы рыларҵәароуп иаанаго.

"Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа акыр иргәаԥхеит аԥсуа цха. Сгәы иаанагоит Урыстылеи егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҿы лассы аԥсуа цха аахәаҩцәа ҟалап ҳәа", — азгәеиҭеит иара.

Олег Барциц - Sputnik Аҧсны
Барцыц: Аԥсныи Евразиатәи аусутә еидгылеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

Аԥснытәи ацәыргақәҵатә стенд иаҭааит ирацәаҩны асасцәа еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи. Аԥсуа сыӡбалқәа (аиаҵәеи аҟаԥшьи) ахьтәы медалқәа ҩба ранашьоуп, аԥсуа џьыка "Амцеи" аилахәыра "Дары Абхазии" афеихо иалхны иҭнажьыз аџьеми хьтәы медалк-хьтәы медалк роуит.

"Сынтәа ацәыргақәҵахь Аԥсны анеира ахарџьқәа зегьы аҳәынҭқарра ахахьы иагеит", — иҳәеит Барцыц.

Аԥснытәи анаплакыҩцәа ирыцны Москва иҟан ансамбль "Шьараҭын" акәашаҩцәа. Барцыц иажәақәа рыла урҭ ацәыргақәҵа аҭааҩцәа дыршанхеит рҟазарала. Урыстәылатәи агроааглыхратә цәыргақәҵа мҩаԥысуеит есышықәса, 2000 шықәса раахыс. Аиҿкааҩ – Урыстәылатәи Афедерациа Ақыҭанхамҩа аминистрра.


Ажәабжьқәа зегьы
0