"Владислав Арӡынба. Аиааиҩы идрама" афестиваль аҟны аԥхьахә анашьахеит

© Фото : предоставлено Эльзой ЧанбаКясоу Хагба на XXVIII открытом фестивале документального кино "Россия" во время презентации фильма о первом президенте Абхазии "Владислав Ардзинба. Драма победителя"
Кясоу Хагба на XXVIII открытом фестивале документального кино Россия во время презентации фильма о первом президенте Абхазии Владислав Ардзинба. Драма победителя - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афильм "Владислав Арӡынба. Аиааиҩы идрама" XXVIII адокументалтә кино "Россия" иаарту афестиваль аҟны аԥхьахә ҷыда анашьахеит. Афестиваль мҩаԥысуан Екатеренбург ақалақь аҟны, жьҭаара 1-5 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. XXVIII адокументалтә кино "Россия" иаарту афестиваль аҭааҩцәа Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба изку афильм "Владислав Арӡынба. Аиааиҩы идрама" ианахәаԥшуаз рылаӷырӡқәа рзыҵәахуамызт ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥсуа актиор Кьесоу Ҳагба.

"Афильм аконкурс иахьалахәхазгьы иааироуп. Уаала иҭәыз акинотеатр ду аҟны зегьы аинтерес рыманы иахәаԥшуан адокументалтә фильм – Владислав Арӡынба изкны иҭыхыз. Афильм цонаҵы амҵ ԥыруазар ҳәа шырҳәо еиԥш ҭынчран. Имаҷҩымызт зылаӷырӡқәа ззымҵәахуаз", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ҳагба.

Афильм анынҵәа ашьҭахь анапеинҟьарақәа акраамҭа еихсыӷьуамызт.

"Ахәаԥшыҩцәа ааины ргәаанагарақәа сыцеиҩыршон. Афильм афырхаҵа иҳаракыра азгәарҭон. Иара саргьы аамҭак азы сылаӷырӡ аахажжылеит", — иҳәоит Кьесоу Ҳагба, аԥсуа ган ахьӡала афильм ацпродиуссорс иҟаз.

Владислав Арӡынба изку афильм дырбахоит Москва - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба изку афильм дырбахоит Москва

Акиносахьа "Владислав Арӡынба. Аиааиҩы идрама " аконкурс ахь инагаз афильмқәа 280 рҟынтәи иалхыз 31 рахь иалашәеит.

"Афестиваль иалахәын Урыстәыла зегьы аиԥш анҭыҵтәи атәылақәагьы. Иара асовет аамҭақәа раахыс имҩаԥысуеит. Адокументалтә кино азы иреиҳау фестивальны иҟоуп" — иҳәоит иара.

Афильм аԥхьахә анашьахеит "Адокументалтә кино ахархәарала иналукааша аполитикатә усзуҩы, апатриот ихаҿсахьа аарԥшразы".

"Сара аԥхьахә аагап ҳәа сыҟамызт. Сара сзы ауаа рыдкылашьа, ргәаанагара иреиҳау ԥхьахәны избон" — иҳәеит иара.

Афильм режиссиорс дамоуп Сергеи Русаков.

Иара аԥҵара иалахәын: Урыстәыла Аҳәынҭфильмфонд, акиноеилахәыра "Аҟәафильм". Урыстәылатәи аганахь ала афильм продиуссорс дыҟоуп Николаи Бородачев. Аидеиа авторс дамоуп Леонид Махкамов.

Владислав Григорьевич Ардзинба. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Афильм "Страсти по Владиславу" Аԥсны ақыҭақәа рҿы идырбахоит

Афильм аҭыхра шықәсык иназынаԥшуа ицон. Иара иалахәуп: Владислав Арӡынба иԥшәмаԥҳәыс, Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, аб Виссарион (Аԥлиа), Ҭаҭарсҭан уаанӡатәи Ахада Минтимер Шаимиев.

Афильм апримиера мҩаԥган 2016 шықәса лаҵарамза 13 рзы Аԥсны Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны.

Афильм "Владислав Арӡынба. Аиааиҩы идрама" XXVIII адокументалтә кино "Россия" иаарту афестиваль аҟны аԥхьахә ҷыда анашьахеит. Афестиваль мҩаԥысуан Екатеренбург ақалақь аҟны, жьҭаара 1-5 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0