Аԥсны Ахада "Ихьыԥшшәылоу ҭагалан" алахәылацәа идикылеит

© SputnikВстреча Рауля Хаджимба с лауреатами выставки "Золотая осень"
Встреча Рауля Хаджимба с лауреатами выставки Золотая осень - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XIX Жәларбжьаратәи агроааглыхратә цәыргақәҵа "Ихьыԥшшәылоу ҭагалан - 2017" хыркәшахеит Москва, жьҭаара 7 рзы. Иара иалахәын жәабала атәылақәа.

АҞӘА, жьҭаара 12– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. XIX Жәларбжьаратәи агроааглыхратә цәыргақәҵаҟны Аԥснытәи аалыҵ ианашьахеит Гран-при, нас ахьтәы медалқәа хәба. Аԥсуа сыӡбалқәа (аиаҵәеи аҟаԥшьи) ахьтәы медалқәа ҩба ранашьоуп, аԥсуа џьыка "Амцеи" аилахәыра "Дары Абхазии" афеихо иалхны иҭнажьыз аџьеми хьтәы медалк-хьтәы медалк роуит.

Камилла Квициния - Sputnik Аҧсны
Арадио
Камилла Кәыҵниаԥҳа: Аԥсны анҭыҵ аԥсуа сыӡбал зҭаху рацәаҩуп

"Ҳара ҳашьцылеит асеиԥш иҟоу ахәшьара ҳаракқәа роура. Абри азҵаара аус адызуло рзы ари акрызҵазкуа акакәны иҟоуп. Ҳаалыҵ ианаршьо аԥхьахәқәа иаҳдырбоит анаплакыҩцәа реиԥш, урҭ алшара рызҭо аҳәынҭқаррагьы иҟарҵо ииашоу акакәны ишыҟоу", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Аҳәынҭқарра хымԥада ацхыраара рнаҭалароуп анаплакыҩцәа, аарыхыҩцәа иҳәеит иара.

"Сара иҭабуп ҳәа расҳәоит афорум иалахәыз зегьы. Дара иҿаҿаӡа иаҳдырбеит ҳҳәынҭқарраҿы зыҩаӡара ҳараку аалыҵ аҭыжьра шалшо. Иахьынӡаздыруа ала аԥснытәи аалыҵ ахаҭабзиара иреиӷьӡақәаз иреиуан", — ҳәа азгәеиҭоит атәыла Ахада.

Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц атәыла Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы.

Агроааглыхратә цәыргақәҵа "Ихьыԥшшәылоу ҭагалан 2017" аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнакреи Евразиатәи аусутә еидгылеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра иалнаршоит Аԥснытәи аекспортиорцәа Евразиа имҩаԥысуа ахәаахәҭра иазку ауснагӡатәқәа рыҽрылархәра. Абри атәы дахцәажәеит Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц.

"Аиқәшаҳаҭра Аԥснытәи аекспортиорцәа иарбанызаалак ахәаахәҭратә плошьчадкақәа рахь рнеира иацхраауеит. Ҳаргьы иҳагәҭакуп Аԥсны ахәаахәҭра аҩны аԥҵара", —иҳәеит иара.

Олег Барциц - Sputnik Аҧсны
Барцыц: Аԥсныи Евразиатәи аусутә еидгылеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

Ахәаахәҭратә ҭыԥ амазаара иалнаршоит Аԥснытәи атауарқәа Урыстәыла адагьы егьырҭ атәылақәа рахь рыҭира. Абри ауп аиқәшаҳаҭра аҵакы хадагьы, иҳәеит инаҵшьны Олег Барцыц.

Иара иажәақәа рыла иазыԥхьагәаҭоуп Урыстәыла ашьхааӡаҩцәа Рассоциациа анапхгареи дареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵара.

"Ҳара иаҳҭахуп аԥсуа цха аекспорт аҟны аҭыԥ бзиа ааннакыло абара. Агәра згоит аԥснытәи ацха Урыстәылеиԥш егьырҭ атәылақәа рыҿгьы инарҭбааны ауааԥсыра ирыдаагало ишыҟало", — иҳәеит иара.

Барцыц иазгәеиҭеит уажәы абри аганахь ала заанаҵтәи аилацәажәарақәа шымҩаԥысуа. Уи адагьы Аԥснытәи ацхатә аалыҵ аинтерес ркит Мрагылара ааигәа атәылақәа жәпакы рҿы иҳәеит иара. Аԥсны Ахада гәахәарыла иазгәеиҭеит иахәҭаны иҟало адгылара абри аганахь ала ишрыҭахо.

Аԥснытәи анаплакыҩцәа ирыцны Москва иҟан ансамбль "Шьараҭын" акәашаҩцәа. Барцыц иажәақәа рыла урҭ ацәыргақәҵа аҭааҩцәа дыршанхеит рҟазарала.

Олег Барциц - Sputnik Аҧсны
Гран-при, нас ахьтәы медалқәа хәба анашьахеит Аԥсны, ацәыргақәҵаҟны

Урыстәылатәи агроааглыхратә цәыргақәҵа мҩаԥысуеит есышықәса, 2000 шықәса раахыс. Аиҿкааҩ – Урыстәылатәи Афедерациа Ақыҭанхамҩа аминистрра. Ацәыргақәҵа Мрагыларатәи Европа аҿы иреиҳаӡоу аусхкытә форумны иҟоуп, уи ҩажәа инареиҳаны адунеи атәылақәеи Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа зегьи рҟынтәи хыҧхьаӡара рацәала алахәылацәа аднаҧхьалоит.

Аҧснытәи аарыхыҩцәа ацәыргақәҵа ралархәхара аиҿкааҩцәа ракәны иҟан: Аҧсны Аҳәынҭқарра Анапхгара, Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра ахәаахәҭратә Хаҭарнакра, Аҧсны Жәларбжьаратәи акультуратә-усуратә Центр.

Ажәабжьқәа зегьы
0