"Инагоу ахьыӡқәа": Аҟәа иӡырган Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟә ҿыц

© Sputnik"Инагоу ахьыӡқәа": Аҟәа иӡырган Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟә ҿыц
Инагоу ахьыӡқәа: Аҟәа иӡырган Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟә ҿыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитикатәи ауаажәларратәи аусзуҩцәа, аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа ирызку аочеркқәеи, агәалашәарақәеи анылеит Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟә ҿыц "Инагоу ахьыӡқәа".

АҞӘА, жьҭаара 12, Sputnik. Альбина Жьиԥҳа. Ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы "Инагоу ахьыӡқәа" ианылеит Аԥсны еицырдыруа ауаа рҭоурых, урҭ рҩызцәа ргәалашәарақәеи, Иорданиа инхо аԥсуа хылҵшьҭрақәа иреиоу ҳџьынџьуаа рҭоурыхи. Ашәҟәы аӡыргара мҩаԥысит аԥшьаша, жьҭаара 12 аҽны, Аҟәа.

"Ари раԥхьатәи шәҟәым Аԥсны еицырдыруа, зыԥсадгьыл азы акыр аџьабаа збахьоу ауаа рҭоурых зну. Уажәтәи аҭыжьымтаҿы исылшеит 30 ҩык инареиҳаны ауааԥсыра рыӡбахә аҳәара, урҭ иреиоуп Константин Озган, Илларион Аргәын. Хаз игоу ахәҭаҿы сырзааҭгылеит Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәагьы. Акьыԥхь рбеит иара убас Иорданиа зыҟазаара аамҭа иалагӡаны сзыҿцәажәаз ҳџьынџьуаа рҭоурыхгьы", — азгәалҭеит ашәҟәы автор.

Ашәҟәы ҩычоуп аиллиустрациақәа рыла, афырхацәа рфотосахьақәа аԥхьаҩ иаразнак илахь иааиуеит.

"Инагоу ахьыӡқәа" аӡыргарахь ааԥхьара рыман ашәҟәы ианылаз афырхацәа рҭаацәа, рҩызцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Константин Озган иԥҳа Ева.

"Екатерина Бебиаԥҳа Аԥсны амилаҭтә хақәиҭратә қәԥареи Аџьынџьтәылатәи еибашьреи ирызку аматериалқәа еизылгоит, илкьыԥхьуеит. Иаҳлырдыруеит зыԥсадгьыл аиқәырхаразы зхы зыԥсы иамеигӡаз, иахьагьы уи амаҵ азызуа. Ари хәы змаӡам ак ауп ҳҭоурых аҿы", — лҳәеит Озганԥҳа.

Ашәҟәы "Инагоу ахьыӡқәа" иҭыжьын Краснодар, 700 цыра ыҟоуп. Иара ианылеит 30- ҩык инарзынаԥшуа ауаа рҭоурых. Автор ашәҟәы аус адылулон хышықәса инеиԥынкылан.

Екатерина Бебиаԥҳа лыҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

Екатерина Бебиаԥҳа афилологиатә ҭҵаарақәа рдоктор, Аԥсныи Ҟәбантәи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ажурналистика ркафедрақәа апрофессор, ашәҟәыҩҩцәеи ажурналистцәеи рхеилакқәа алахәыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0