Барцыц: ҳаалыҵ Европа иреиҳау ахәаахәҭратә ҭыԥқәа рахь инаагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукОлег Барциц
Олег Барциц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыци Аԥсны акультуратәи аусутәи жәларбжьаратә Центр анагӡаратә директор Олег Лакобеи аихшьаалақәа арҭеит аграртә цәыргақәҵа "Ихьыԥшшәылоу ҭагалан 2017".

АҞӘА, жьҭаара 13– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Европа ахәаахәҭратә плошьчадкақәа иреиҳау Фуд Сити аҟны иҟалоит Аԥсны ахәаахәҭратә Ҩны аҟәшақәа руак иҳәеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц, аграртә цәыргақәҵа "Ихьыԥшшәылоу ҭагалан 2017" аихшьаалақәа ҟаҵо.

"Сара сгәаанагарала уахь рнеира алыршахоит анаплакы маҷқәа раалыҵқәа. Ҳара ари апроект азҳархион рацәак еицырдыруа иҟам ааглыхыҩцәа рзы. Уажәы сара избоит урҭ аԥеиԥш ҭбаақәа шроуа", — иҳәеит Барцыц.

Зхаҭабзиар ҳараку аалыҵ аҭыжьыҩцәа ироуеит алшара раалыҵ аҳәаанырцә аӡыргараз иҳәоит иара.

Москватәи ацәыргақәҵаҿ Аԥсны аҽазныкгьы иаанарԥшит аԥеиԥш бзиа шазыԥшу. Аԥснытәи ацәыргақәҵатә стенд иаҭааит ирацәаҩны асасцәа еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи. Аԥсуа сыӡбалқәа (аиаҵәеи аҟаԥшьи) ахьтәы медалқәа ҩба ранашьоуп, аԥсуа џьыка "Амцеи" аилахәыра "Дары Абхазии" афеихо иалхны иҭнажьыз аџьеми хьтәы медалк-хьтәы медалк роуит.

Барцыц игәаанагарала аԥсуа аалыҵ ахьтәы медалқәа анашьара иара ԥхьаҟатәи абзарӡы рыларҵәароуп иаанаго.

Агроааглыхратә цәыргақәҵа "Ихьыԥшшәылоу ҭагалан 2017" аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнакреи Евразиатәи аусутә еидгылеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра иалнаршоит Аԥснытәи аекспортиорцәа Евразиа имҩаԥысуа ахәаахәҭра иазку ауснагӡатәқәа рыҽрылархәра. Абри атәы дахцәажәеит Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц.

Олег Барциц - Sputnik Аҧсны
Гран-при, нас ахьтәы медалқәа хәба анашьахеит Аԥсны, ацәыргақәҵаҟны

"Аиқәшаҳаҭра Аԥснытәи аекспортиорцәа иарбанызаалак ахәаахәҭратә плошьчадкақәа рахь рнеира иацхраауеи ", —иҳәеит иара.

Аԥсны акультуратәи аусутәи жәларбжьаратә Центр анагӡаратә директор Олег Лакоба иазгәеиҭеит амедалқәа аноминациа "Аалыҵ ахаҭабзиара ҳарак азы" шакәу ишроуз.

Аԥснытәи анаплакыҩцәа ирыцны Москва иҟан ансамбль "Шьараҭын" акәашаҩцәа. Барцыц иажәақәа рыла урҭ ацәыргақәҵа аҭааҩцәа дыршанхеит рҟазарала.

Ацәыргақәҵа аихшьаалақәа рыла Аԥсны аиҳабыреи, Ахәаахәҭатә хаҭарнакреи, Аԥсны Жәларбжьаратәи акультуратә усутә центри Гран-при ранашьахеит Жәларбжьаратәи аекономикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиаразы.

Встреча Рауля Хаджимба с лауреатами выставки Золотая осень - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Ахада "Ихьыԥшшәылоу ҭагалан" алахәылацәа идикылеит

Урыстәылатәи агроааглыхратә цәыргақәҵа мҩаԥысуеит есышықәса, 2000 шықәса раахыс. Аиҿкааҩ – Урыстәылатәи Афедерациа Ақыҭанхамҩа аминистрра.

Аҧснытәи аарыхыҩцәа ацәыргақәҵа ралархәхара аиҿкааҩцәа ракәны иҟан: Аҧсны Аҳәынҭқарра Анапхгара, Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра ахәаахәҭратә Хаҭарнакра, Аҧсны Жәларбжьаратәи акультуратә- усуратә Центр.

Ажәабжьқәа зегьы
0