Агәыӡера иаадыртуеит ахәыҷбаҳча ҿыц

© Sputnik / Томас ТхайцукНовый детский сад в Агудзере
Новый детский сад в Агудзере - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыӡера иаадыртраны иҟоу ахәыҷбаҳча ҿыц иаднакылар алшоит 126-ҩык ахәыҷқәа. Иара ԥшьышықәса инарзынаԥшуа аргылара иаҿын.

ГӘЫЛРЫԤШЬ, жьҭаара 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба.  Гәылрыԥшь араион Агәыӡера аҳаблаҿ лассы иаадыртраны иҟоуп ахәыҷбаҳча ҿыц "Алакә" ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит ахәыҷбаҳча аиҳабы Лиудмила Чкотуаԥҳа.

"Агәыӡера иаадыртраны иҟоу ахәыҷбаҳча ҿыц  иаднакылар алшоит 126-ҩык ахәыҷқәа. Иара аргылара ԥшьышықәса инарзынаԥшуа иаҿын. Арахь зхәыҷқәа аазгарц зҭаху рхыԥхьаӡара рацәаҩуп. Уажәнатә 160-ҩык ҳадҵаалахьеит. Заҟаҩ ҳалшо ҳадаҳкылоит", — лҳәеит лара.

Ахәыҷбаҳчаҿ аус руеит жәҩык ааӡаҩцәа. Урҭ аусура раларгараан акомиссиа ҷыда иалнахит.

© Sputnik / Бадрак АвидзбаНовый детский сад в Агудзере
Новый детский сад в Агудзере - Sputnik Аҧсны
Новый детский сад в Агудзере

"Иреӷьӡақәаз алаҳхит. Ахәыҷбаҳча аусура алагаразы иахәҭаны иҟоу ауснагӡатәқәа зегьы ахыркәшарахь инаҳашьҭхьеит. Иааиуа амчыбжь азы официалла ирылаҳҳәоит аартра амш", — лҳәоит Чкотуаԥҳа.

Араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Дмитри Габлиа иазгәеиҭеит ахәыҷбаҳча ахыбра аханатә иаразы шакәмыз ишазырхиаз ҳәа.

Ахәыҷбаҳча "Алакә" ргылоуп Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Акомплекстә план аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо афинанстә цхыраарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0