Аԥснытәи ашьапылампыл ФИФА алахәхара гәҭакны иамоуп

© AFP 2023 / ALFREDO ESTRELLAЦеремония открытия 66-го Конгресса ФИФА. Архивное фото.
Церемония открытия 66-го Конгресса ФИФА. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа апрезидент Џьума Кәарацхьелиа Sputnik аинтервиу анеиҭоз иҳәеит ареспублика амилаҭтә команда ФИФА алаҵаразы аҽазышәарақәа шымҩаԥырго атәы.

АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа азыҳәа ҟанаҵеит амилаҭтә команда ФИФА алаҵара азҵаара иахәаԥшырц азы. Абри атәы иҳәеит Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа апрезидент Џьума Кәарацхьелиа Sputnik аинтервиу анеиҭоз.

ФИФА ахаҭарнакцәа ирыман алшара ҳкоманда ахәшьара аҭаразы, ConIFA аверсиала Адунеи ачемпионат анымҩаԥысуаз иҳәеит Кәарацхьелиа.

"ФИФА ахаҭарнакцәа ԥшьҩык Аԥсны иаҳҭан. Аиҿкаара алахәхара апроцесс иаарласны иуӡбо акәӡам, аха сгәы иаанагоит азҵаара алҵшәа аиуп ҳәа. Косово еизгоу акоманда рыдыркылеит, ҳаргьы иҳақәҿиап ҳәа ҳгәыӷуеит", — иҳәеит иара.

Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа изныкымкәа аҳәара ҟанаҵахьеит ФИФА аилазаара иалагалахарц. Уи иаҿагылоит Қырҭтәыла ашьапылампыл афедерациа.

Аԥсныи ФИФА ахаҭарнакцәеи рыбжьара аилацәажәарақәа мҩаԥысуан аԥхын, ConIFA аҵыхәтәантәи ачемпионат аангьы.

"Аилацәажәарақәа мҩаԥигоит Дмитри Паӷәаа. Ҳҭахрақәа макьаназы қәҿиарак шаадымырԥшуагьы ҳхы ргәалаҳаршәалароуп", — иҳәеит Кәарацхьелиа.

Џьума Кәарацхьелиа агәра ганы дыҟоуп ауадаҩрақәа шыҟоугьы ҳазҵаара хра аманы иӡбахап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0