VIII Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВосьмой Абхазо-российский деловой форум в Сухуме 27 октября 2017 года
Восьмой Абхазо-российский деловой форум в Сухуме 27 октября 2017 года - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза 27 рзы Аҟәа ақалақь аҿы VIII Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум мҩаҧысраны иҟоуп. Афорум аиҿкааҩцәа – Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрреи Аҧсны аекономика Аминистрреи.

АҞӘА, жьҭаара 27– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. 400-ҩык аделегатцәа рыҽҭарҩит VIII Аԥсны – Урыстәылатәи аусутә форум аҽалархәразы. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иаҳзааицҳаит Sputnik акорреспондент.

© Sputnik / Томас ТхайцукВосьмой Абхазо-российский деловой форум в Сухуме 27 октября 2017 года
Восьмой Абхазо-российский деловой форум в Сухуме 27 октября 2017 года - Sputnik Аҧсны
Восьмой Абхазо-российский деловой форум в Сухуме 27 октября 2017 года

Аҭаҩра апроцедура ашьҭахь алахәылацәа Аминистрцәа Реилазаара ахыбра афоиеи ахь инеиуеит. Афоиеи аҟны ицәыргақәҵоуп ареспублика анаплакыҩцәа раалыҵ: ацха, аҩы, алкаголь злам арыжәтә. Ашоколадтә ӡыршәҭ иӡааушьылар алшоит Аӡҩыбжьа иаадрыхыз аҵыҵындра.

© Sputnik / Томас ТхайцукВосьмой Абхазо-российский деловой форум в Сухуме. Возложение
Восьмой Абхазо-российский деловой форум в Сухуме. Возложение  - Sputnik Аҧсны
Восьмой Абхазо-российский деловой форум в Сухуме. Возложение

Араҟа аус ауеит аамҭалатәи Sputnik арадиостудиа. Азыӡырыҩцәа ирыҭоуп алшара аҭыԥ аҟынтәи ажәабжь ҿыцқәа раҳарацы.

© Sputnik / Томас ТхайцукВосьмой Абхазо-российский деловой форум в Сухуме
Восьмой Абхазо-российский деловой форум в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Восьмой Абхазо-российский деловой форум в Сухуме

Апленартә еилатәара алагамҭазы Урыстәылеи Аԥсни рделегациақәа рлахәылацәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Ахьӡ-аԥша апарк аҟны. Арахь иааиит Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧыза-министр Беслан Барцыц, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ешба, Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыҧуаҩ – аҳәынҭқарратә мазара анаҧхгараҭара азы Афедералтә маҵзура анаҧхгаҩы Дмитри Пристансков, Нхыҵ-Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа аминистр ихаҭыҧуаҩ Ольга Рухуллаева.

Ажәабжьқәа зегьы
0