Арҵаҩцәа: абызшәа бзиан издыруеи иззымдыруеи ҳәа аҵаҩцәа еихшазар еиҳа еиӷьхон

© Sputnik / Томас ТхайцукДжопуа Марина и Мадонна Ашуба
Джопуа Марина и Мадонна Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Автортә дырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асабшатәи адырраҭараҿы ажурналист дазааҭгылеит ақалақьтә школқәа рҿы аԥсуа бызшәа дырҵара атема. Арадиостудиаҟны ргәаанагра рҳәон аҳҭнықалақьтә школ аиҳабыратә классқәа аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Марина Џьапуаԥҳаи, 10-тәи ашкол алагарҭатә классқәа рырҵаҩы Мадонна Ашәԥҳаи.

АҞӘА, жьҭаара 31 — Sputnik. Ишиашоу ицоу аефирала, арадио Sputnik Аԥсны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы иалацәажәон ақалақьтә школқәа рҿы аԥсуа бызшәа дырҵара атема. Избан ақалақьтә школқәа рҿы абызшәа дырра иаҳа изылаҟәу, ииашоума аԥсшәа здыруеи иззымдуреи аҵаҩцәа класск аҿы реилатәалара, изнаргои аҭаацәа абызшәа ззымдыруа ахәыҷқәа аԥсуа школқәа рахь, абри атәы иалацәажәон ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи арҵаҩцәа Мадонна Ашәԥҳаи, Марина Џопуаԥҳаи.

"Коӷониаԥҳа лымҩаду": аԥсуа бызшәа ақалақьтә школқәа рыҟны ишахысуа иазкны

"Ҳара иаҳуалу амаҭәар рызнагара ауп, аха абызшәа адырҵара ҳалагоит", — лҳәеит Ашьхаруаа рышкол арҵаҩы Мадонна Ашәԥҳа.

Идыруп, абызшәа адырразы аҳәынҭқарраҿы ауадаҩра ҟамларцаз уи ала ишцәажәатәу, аха ус еиԥш ҳтәылаҿы иҟам. Аҳҭнықалақь ашколқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рбызшәа ӷарны ишырдыруа убарҭоуп, азгәалҭоит адырраҭара аамҩаԥгаҩ. Арҵаҩцәа ирымоу аԥышәа иаанырԥшуеит акласс аҿы абызшәа здыруа еилызкаауа, уи ала ицәажәо ахәыҷкәа рхыпҳьаӡара акырӡа ишмаҿу.

"Арҵаҩцәа рџьабаа иаҳагьы иацлоит акласс аҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара анырацәоу", — лҳәеит арҵаҩы Марина Џьопуаԥҳа.

Арҵаҩцәа ргәаанаагарала аҵаҩцәа абызшәа бзиан издыруеи иззымдыруеи ҳәа еихшазар, ирнаало апрограмма аԥҵазар аҭагылазаашьа иаҳа еиӷьхап ҳәа.

"Абызшәа ззеилмкаауа, аматериал аилыргараан игәы ҿыӷьуеит, ҳҽазаҳшәоит иара хазы дҵак иҭара. Аха уи азы иаҳҭахуп ашәҟәы иара инаалаша", — лҳәоит Џьапуаԥҳа.

Аԥсуа школқәа рахь инеиуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ианацла, ашкол аартызар ахәҭоуп ҳәа рыԥхьаӡоит арҵаҩцәа. Сынтәа аҳҭнықалақь ашколқәа реиҳарак рҿы актәи акласс ахь инеиз аҵаҩцәа 40 ҩык рҟынӡа иназоит.

"Аҭаацәа аҭакԥхықзара ду ҳадырҵоит рхәыҷқәа абызшәа дмырҵаӡакәа аԥсуа школ ахь ианнарго. Дара ирҭахуп рхәыҷқәа абызшәазы ихьыс әан иҟамларц, аха аҩны ирымҳәар рнапала ахәыҷы дуаҩыбжаны дшыҟарҵоу рзеилкааӡом", — инаҵылшьит Ашәԥҳа.

Есымчыбжьа, сабшала, асааҭ 18:00 рзы арадио Sputnik Аԥсны аефир ала шәазыӡырҩла автортә дырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду".

Ажәабжьқәа зегьы
0