"Аԥсны – сара сыԥсадгьыл": ААП имҩаԥнагоит афотоконкурс

© SputnikФотоконкурс ТПП РА. Пресс конференция
Фотоконкурс ТПП РА. Пресс конференция - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алахәра ҟалоит хә-номинациак рыла. Иаиааиуа ираҭәашьахоит аԥаратә ҳамҭа.

АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата ирыланаҳәеит афотоконкурс "Аԥсны – сара сыԥсадгьыл" амҩаԥгара шазыԥхьагәаҭоу. Абри атәы Sputnik аҟны имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿы еиҭалҳәеит ААП аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ҭамила Мерцхәылааԥҳа.

"Абри апроект ала ҳара иаҳҭахуп аԥсуа жәлар рҭоурыхи ркультуреи рыдагьы дара рхаҭақәагьы рӡыргара", — лҳәеит лара.

Апроект рзырхоуп аинтернет ахархәаҩцәа. Дарбанзаалак алахәыла илшоит хә-фотосахьак иреиҳамкәа раашьҭра. Аусумҭақәа зегьы номинациак иазкхар ҟалоит, иалшоит еихшахаргьы.

Аусумҭақәа рыхә ршьоит ҩ-етапкны. Актәи аетап аан Instagram ахархәаҩцәа ахәшьарақәа мҩаԥыргоит. Аҩбатәи аетап аан аконкурстә жиури ахәшьарақәа мҩаԥыргоит.

Номинацианы ишьақәыргылоуп: "Ауаа", "Апеизаж", "Ахәыҷтәы фотосахьа", "Ақалақь", "Аԥсны асасцәа рыблала".

Актәи аҭыԥқәа рзы ишәахоит 10-10 нызқь мааҭ, аҩбатәи аҭыԥқәа рзы 5-5 нызқь мааҭ. Аконкурс алахәра хәыда-ԥсадоуп. Иара мҩаԥысуеит абҵара 1 инаркны ажьырныҳәа 15- нӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0