Аԥсни Урыстәылеи Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы рминистррақәа аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

© Фото : МЧС Абхазии Учебно-тренировочные занятия МЧС
Учебно-тренировочные занятия МЧС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы рминистррақәа аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит ҩ-етапкны: жьҭаара 30 инаркны абҵара 10 рҟынӡа.

АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik. Амҩатә машәырқәа раан ақалақьтә ҭагылазаашьаҟны авариа-еиқәырхаратә усурақәа рымҩаԥгара, апиротехникатә усурақәа, аԥсихологиатә цхыраарақәа рымҩаԥгашьа атәы аԥснытәи АҶА аусзуҩцәа иддырҵоит урыстәылатәи рколлегацәа. Абри атәы Sputnik адырра ҟанаҵеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура.  

Работа МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны
"Зҽаԥсазтәыз аиқәырхаҩ" ҳәа ахьӡ аԥҵоуп Аԥсны

Урыстәылатәи АҶА, Тҟәаԥстәи амцарцәара-еиқәырхаратә отриад аусзуҩ Михаил Ларионов аԥснытәи иколлегацәа ирзеиҭеиҳәеит амҩатә машәырқәа раан ацхыраара алзыршо ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рыӡбахә. Авидеофильмқәа рыла идырбан аҿырԥштәқәа.

Аԥснытәи АҶА адыррақәа рыла Аԥснеиԥш Урыстәылатәи астатистикагьы ишьақәнарӷәӷәоит амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны аԥсыҭбарақәа акыр ишырацәоу. Убри инамаданы адунеи зегьы аҟны абри апроблема аус адулара иаҿуп.

Урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа дырԥылеит Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.

"Ареспубликаҿы макьанагьы аибашьра ахҟьа-ԥҟьақәа аԥыхым. Иҟоуп иԥымжәац аминақәа, агранатқәа. Лассы-лассы иҟалалоит амҩатә машәырқәа, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан аԥсихологиатә цхыраара амҩаԥгара. Убри азоуп асеиԥш иҟоу азыҟаҵарақәа зхымԥадатәиу", — иҳәеит иара.

Лев Кәыҵниа ҭабуп ҳәа реиҳәеит азыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы Аԥсныҟа иааз урыстәылатәи иколлегацәа, иазгәеиҭеит Урыстәылатәи АҶА анапхгара иҟарҵо ацхыраара иамоу аҵак ду.

Ажәабжьқәа зегьы
0