Амедицинатә ԥгаԥса абҵарамзазы аратификациа иахыжьхар алшоит

© Foto / Александр Кондратюк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМедицинский работник делает укол
Медицинский работник делает укол - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакиеи аиԥылара рыман аԥшьаша, абҵара 2 рзы

АҞӘА, абҵара 2– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иҟоу адыррақәа рыла Урыстәыла абҵарамзазы аратификациа иахнажьыр ҟалоит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны аҵакыраҿ инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса рыҭараз Аиқәшаҳаҭра иҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакиа Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи иареи реиԥылараан.

"Абри ашьҭахь, Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, мызкы ахы-аҵыхәала ҳара иааҳартыроуп амедицинатә полисқәа ахьрырҭо аҭыԥқәа. Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара азырхиара ҳаҿуп иара анагӡара алзыршо аҩбатәи Аиқәшаҳаҭра", — иҳәеит иара.

Абри Аиқәшаҳаҭра аганахь ала агәаанагарақәа ирылацәажәоуп. Иаарласны Аԥсныҟа иаараны иҟоуп Урыстәылантәи аделегациа, Аиқәшаҳаҭра анагӡара амеханизмқәа ҷыдарыла рышьақәырӷәӷәаразы.

"Ишьақәыргылахоит Аԥсны аҩныҵҟа заҟа аушьҭырҭатә пункт аҭахны иҟоу, урҭ ирҟазшьахо. Аус рыдааулараны иҟоуп аполисқәа рыҭара аамҭа ахышәа-ҵышәа", — иҳәеит Ҵахнакиа.

Аус зыдуло апрограмма иаҵанакуеит Аԥсны атәылауаа амедицинатә полисқәа рыла реиқәыршәара ахырхарҭақәа.

Вакцинация от гриппа в Краснодаре - Sputnik Аҧсны
Амедицинатә ԥгаԥсазы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азууп

"Аполисқәа анраҳҭалак ашьҭахь, Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы иаԥҵахо акомиссиа ҷыда аӡбрала ҳчымазцәа араҟа ираҳҭарц алшара ззыҟам ацхыраара аиуразы Урыстәылаҟа рышьҭра алыршахоит", — иҳәеит аминистр.

Ҵахнакьиа иажәақәа рыла аиҳарак ачымазцәа Краснодартәи атәылаҿацә ахәышәтырҭақәа рахь инашьҭхоит, ус иахәҭоуп ҳәа иззыӡбоу нашьҭхоит Москва, Санкт-Петербург ахәышәтәырҭақәа рахьгьы.

Аминистр иҳәеит еиуеиԥшым азҵаарақәа аус рыдулара шымҩаԥысуа, ареспублика анҭыҵҟагьы ишышьҭхо араҟа зыхәышәтәра алымшо ачымазарақәа змоу ауааԥсыра.

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны аҵакыраҿ инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса рыҭараз рнапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра аратификациа арҭеит 2017 шықәса жьҭаара 16 рзы.

Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла аполис рыҭахоит 190 000-ҩык рҟынӡа Аԥсны ауааԥсыра, 14 шықәса рҟынӡа зхымҵуа ахәыҷқәа аламҵакәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0