Атәыла Ахада ААР аусура акыр иԥсыҽуп ҳәа ахиҳәааит

© Sputnik / Томас ТхайцукРасширенное заседание коллегии МВД
Расширенное заседание коллегии МВД - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра (ААР) инарҭбаау аколлегиа мҩаԥысит ахәаша, абҵара 3 рзы. Аколлегиа аилатәара далахәын Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.

АҞӘА, абҵара 3– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба.  Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит ААР аусура ишахәҭоу еиԥш имҩаԥысуеит ҳәа ишимԥхьаӡо.

"Аҳәынҭқарра иахәҭоу ацхыраара аназыҟамҵо аамҭазы агхақәа рылацәажәара уадаҩзаргьы, иара аҳәынҭқарра ахаҭа аҟазаара макьаназ аӡәгьы иаԥимхыцт", — иҳәеит иара.

Аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩныҵҟа атәылаҿ акриминогентә ҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа иуадаҩхоит.

"Ишәгәаласыршәарыма ҳара ҳхаҭақәа аӷьычцәеи ақәылаҩцәеи арахь раагаразы ацхыраара шыҟаҳҵо", — иҳәеит иара.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит ацәгьоурақәа рышьҭахь азинхьчаратә органқәа ацхырааразы акриминал ахаҭарнакцәа ишрыҳәало.

"Жәла-жәлала еиҭаҳәатәума зусура алҵшәа амоуз азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа ацхырааразы "аӷьычцәа ирхылаԥшуа" ирыҳәо",- иҳәеит Ҳаџьымба.

Ари иунарбоит азинхьчаратә органқәа рымчыдара ҳәа азгәеиҭеит атәыла Ахада.

Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба аӡбаратә ӡбамҭақәа рынагӡара иазкыз аилацәажәара мҩаҧигеит

"Абасеиԥштәи ҳхымҩаԥгарала урҭ раҳаҭыр ҳараҳкуеит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Шамахамзар ацәгьа зуз рықәнага иацәцоит, уи адагьы асеиԥштәи аҭагылазаашьаан акриминал аекономикатәи аполитикатәи процессқәагьы анырра рыҭара рҽазыршәоит ҳәа дцәажәеит Ахада.

Иара игәаанагарала ААР аҩныҵҟагьы акзаара ыҟам, акриминал иаҿагыланы ақәԥаразы аидгылара рымам.

Ҳаџьымба иара убасгьы амилициеи агентуреи русеицурагьы акыр иԥсыҽуп ҳәа ахиҳәааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0