Амармалташь пты Гәдоуҭа араион аҟынӡагь инаӡеит

© Фото : Flickr/M van ReeМраморный клоп
Мраморный клоп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра Гәдоуҭа араион Ахадара ирырҭеит амармалташь пты ықәызхуа ахимиатә маҭәашьарқәа.

АҞӘА, абҵара 7 – Sputnik, Бадри Есиава. 50% рҟынӡа амандаринеи арасеи ықәнахит амармалташь пты Гәдоуҭа араион иахьаҵанакуа. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа азҵаарақәа рзы Гәдоуҭа араион Ахада ихаҭыԥуаҩ Иури Кәарацхьелиа.

"Ҵыԥх уажәааны ҳраион аҟны зынӡаскгьы апты уԥыхьашәомызт. Сынтәа қыҭацыԥхьаӡа иуԥылоит. 2017 шықәса азтәи аинформациа Ақыҭанхамҩа аминистррахь ианынаҳашьҭуаз иаҳарбеит 50% рҟынӡа амандаринеи арасеи амармалташь пты иқәнахит ҳәа", — иҳәеит Кәарацхьелиа.

Иара иазгәеиҭеит хԥа-ԥшьба шықәса раахыс Ақыҭанхамҩа аминистрра хәыда-ԥсада ахимикатқәа Гәдоуҭа араион ишазоунажьуа.

Клоп коричневый мраморный щитник (Halyomorpha halys) - Sputnik Аҧсны
Апты анырҵәаразы ахәшәқәа Аԥсныҟа иаагоуп

Уажәазы иҟоу ахимикатқәа азхоит зықь-гектар рҟынӡа адгьыл ахәышәтәра. Гәдоуҭа араион аҟны иааидкыланы 5,5 нызқь гектар ақыҭанхамҩатә дгьылқәа ыҟоуп.

"Ахимикатқәа рзы ауаа анҳадҵаало ҳразҵаауеит "заҟа гектар аус адыжәуларц шәҭахузеи?" ҳәа. Иахәҭоу анорма еиҳаны ахәшә акаҭәара ҟалом. Иара убри аан иазгәаҭатәуп ахимикатқәа рхархәара алҵшәа аныҟанаҵо ааԥыни аԥхыни шракәу", — иҳәоит Иури Кәарацхьелиа.

Иара игәаанагарла 2018 шықәса рзы Мрагыларатәи Аԥсны ахәҭаҿы аптқәа рхыԥхьаӡара еиҵахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0