Ақаҩба: Израили ҳареи акультуреи агуманитартәи усхк аҟны аус еицааулоит

© Sputnik / Томас ТхайцукДаур Кове.
Даур Кове. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Израиль иҟазаараан дырԥылеит ақалақь Сдерот Ахада Алон Давиди, Израиль иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Александр Шеинины.

АҞӘА, абҵара 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Израиль иҟазаараан дырԥылеит ақалақь Сдерот Ахада Алон Давиди, Израиль иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Александр Шеинины. Даур Ақаҩба Sputnik иазеиҭеиҳәеит, Израили ҳареи акультуреи агуманитартәи усхк аҟны аус еицааулоит ҳәа.

"Ҳара ишҳалшо ала еиҳа аусеицура ахьыманшәалахаша аусхкқәа рҟны ҳаинырлоит. Арахь иаҵанакуеит аҵарадырреи акультуреи. Иара убасгьы Израиль арепатриациа аганахь ала аԥышәа бзиа рымоуп", — иҳәеит иара.

Ақалақь Сдерот Ахада Алон Давидии иареи реиԥылара атәы далацәажәо Ақаҩба иҳәеит:

"Ҳара ҳазааҭгылан ҳалацәажәеит агуманитартә усхк аҟны аусеицура азҵаара, ҳақалақьқәа рыбжьара акультуратәи, аҿартәи, аспорттәи программақәа реимдара".

Даур Ақаҩба абҵара 8 рзы ихы алаирхәит Тель-Авивтәи ауниверситет аҟны имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи аконференциа "Статус непризнанных государств и их отношения с Израилем", дырԥылеит атәыла аофициалтә хаҿқәа, дрылахәын Израиль аҳәынҭқарратә радиостанциақәа ҩба: "Решет Бети" "Реки" рҟны имҩаԥысуаз адырраҭарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0