Урыстәылатәи арратә база азенитчикцәа рыла ихарҭәаахоит

Анапаҵаҩра
Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аинформациа ала Урыстәылатәи арратә базаҟны аррамаҵзура иахысуа рхыԥхьаӡара харҭәаахоит Краснодартәи атәылаҿацә аҟны хымзтәи азыҟаҵарақәа ирхысыз азенитчикцәа рыла.

АҞӘА, абҵара 14 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ ахь 250-ҩык инарзынаԥшуа аррамаҵзурауаа аауеит. Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аинформациа ала аррамаҵзура иахысуа рхыԥхьаӡара харҭәаахоит Краснодартәи атәылаҿацә аҟны хымзтәи азыҟаҵарақәа ирхысыз азенитчикцәа рыла.

"Традициала ҳарратә база аррамаҵзура иахысуа рыла ахарҭәаараан аԥыжәара раҳҭоит аҳәаанырцә аррамаҵзура ахысра зҭаху аҿар. Абри аан, хымԥада, азааҭгылара азаауеит урҭ рымаха-шьахатә гәабзиара, рпрофессионалтә ҟазара, амедицинатә ҭагылазаашьа", — ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аинформациа ала, аррамаҵзура иахысуа рхыԥхьаӡара харҭәаахоит абҵарамза анҵәамҭанӡа.

Апресс-маҵзура иара убасгьы иазгәанаҭоит арратә комиссариатқәа иҟарҵаз заанаҵтәи ахәшьарақәа рыла, аррамаҵзура иахысырц иааиуа рҵаратә ҩаӡара 10%. рыла еиҳахеит ҳәа.

Апресс-маҵзураҟны адырра ҟарҵеит Аԥсны аррамаҵзура иахысраны иҟоу аҿар иаԥхьатәиу арратә зыҟаҵара шрыдыркыло. Ирыдыркылоит арратә ҭоуба. Аԥснытәи арратә базахь ианааилак ашьҭахь аԥсихологцәа урҭ рморал-ԥсихологиатә ҭагылазаашьа ҭырҵаауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0