Адлеиба: аԥсуа хәыҷқәа ԥсабарала аҟыбаҩ ҷыда рылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАмиран Адлейба
Амиран Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алеқсандр Чачба - Шервашиӡе ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, абҵара 14 рзы, иахыҵит 50 шықәса. Арыцхә инамаданы Sputnik арадиостудиаҟны аҵарауирҭа аиҳабы Амиран Адлеиба дазааҭгылеит ҳтәылаҿы аҟазацәа ҿарацәа ахьеиҵаараӡо аҭыԥ аартра шыҟалаз.

Sputnik, Альбина Жьиԥҳа

Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аҭоурых ду амоуп, уи ихьӡ ахуп еицырдыруа асахьаҭыхыҩ ду, асценограф, ауаажәларратә усзуҩы Алеқсандр Чачба — Шервашиӡе, иҳәеит Амиран Адлеиба астудиаҟны аиҿцәажәара хацыркуа.

Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Иара Аԥсныҟа иаара аԥсуа жәлар рзы насыԥ дуун. Алеқсандр Чачба ибзоурахеит Аҟәа астудиа аартра. Иара инапы злеимкыз ҳәа акгьы ыҟаӡам: архитектура, атеатр, акультура иадҳәалаз азҵаарақәа", —иҳәеит Амиран Адлеиба.

Виталий Джения - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьениа: аԥсуа асахьаҭыхыҩцәа злаху ацәыргақәҵа ҳҟазаразы ицхыраагӡоуп

Аскульптор иажәақәа рыла, Алеқсандр Чачба ибзоураны, 1937 ашықәсқәа рзы аҵараиурҭа школк аҳасабала ахьӡ шьҭыҵуа ианалага аамҭазы- ашә акит. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду ашьҭахь ақырҭуа сахьаҭыхыҩцәа еиҭа аартра рылдыршеит.

"Асахьаҭыхратә школ аҿы аҵара зҵоз аԥсуаа, Қарҭтәи асахьаҭыхратә Академиа иалган иауаан. 60-тәи  ашықәсқәа рзы Сергеи Габелиа ҳҵараиурҭа дахагылоит, убри нахыс аԥсуаа, Константин Ахба, Витали Лакрба, Зоиа Џьынџьалԥҳа, Сергеи Ҵәыџь уҳәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аҵараиурҭа напхгара азыруан", — иҳәоит Амиран Адлеиба аҵараиурҭа аҭоурых далацәажәауа.

Иара иазгәаиҭоит убысҟантәи аамҭақәа рзы ҳмилаҭтә кадрқәа реиҵааӡараҿы уасхырс ишьҭаҵаз атрадициақәа иахьа уажәраанӡагьы ишаагоу.

"Адунеиҿ имҩаԥысуа апроцессқәа ҳрылахәдаауп уҳәартә иҟам. Аиҵахарақәагьы хымԥада, иҟоуп. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа зегьы- аҵара зҵогьы, аус зуагьы, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иалоугьы, ирылшо зегьы ҟарҵоит аҿар реиҵааӡарҿы. Шықәсы рацәала аҵараиурҭаҿы аус зуа, рхы иагыжьны, рырҿиаратә процесс иагыжьны, рдыррақәа ахәыҷқәа ирызнарымгар ада ԥсыхәа шыҟам еилкааны, уаҵәтәи амш ҳагымхарцаз, аҵаратә процесс хшыҩзышьҭра ду арҭоит", — иҳәеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба.

Аҳәынҭқарратә университет аҿы асахьаҭыхратә факультет аартра атәы далацәажәауа Амиран Адлеиба,  иҳәеит ахәыҷкәа аҵараиурҭа иалганы ауниверситет ахь инеиуазар еиҳа ишеиӷьхоз.

"Нугзар Логәуеи сареи ҳаиҿцәажәара иалҵшәаны сынтәа хәҩык ААУ ирыдыркылеит, избанзар, ус иаҳа азыҟаҵара бзиа роуеит. Убри аҵаратә система, аус ҳзадулар, ишахәҭоу еиԥш апрограмма ҳзышьақәыргылар, уи иазыманшәалоу ауаа ҳамоуп Нугзар Логәуа, Рауф Барцыц уҳәа, нас иҵеигь аҵаратә система аҩаӡара ҳаракхон", — иазгәаиҭеит Амиран Адлеиба.

Аԥсуаа аҟыбаҩ ҷыда, абаҩхатәра ду злоу милаҭуп ҳәа иԥхьаӡоуп жәытә-натә аахыс. Ахәыҷкәа ԥсабарала ирылоу ахырхарҭа аҭара ауп иаҳзаанхаз иҳәеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба аиҿцәажәара хыркәшауа.

Ажәабжьқәа зегьы
0