Расида Лакоба "Ашықәс адизаинер" ҳәа дыԥхьаӡоуп

© dni.ruРасида Лакоба
Расида Лакоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурнал Glamour асаит аҟны имҩаԥысуаз абжьыҭира аихшьаалақәа ӡыргахеит абҵара 13 рзы.

АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. "Ашықәс адизаинер" ҳәа амодақәа ржурнал Glamour аверсиала ахьӡ лгеит Аԥснытәи адизаинер Расида Лакоба. Абри атәы лҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз Расида Лакоба.

"Даара агәыхыҭхыҭра аҵан аусмҩаԥгатә. Аиааира сымацара истәӡам, аус сыцызуа зегьы рылшароуп", — лҳәеит лара.

Расида Лакоба –ахәылԥазтәи ашәҵатәы ахьырӡахуа аҟазарҭа "Rasario" директорс дыҟоуп.

Учредительный съезд благотворительного движения Послы доброй воли Абхазии - Sputnik Аҧсны
Расида Лакоба лзы абжьыҭира цоит

"Акоманда иалахәуп 40-ҩык рҟынӡа ауаа: адизаин аҟәша, анапхгараҭаратә ҟәша, аӡахцәа, аконструкторцәа. Дара зегьы русура иалнаршоит ашәҵатәы ссир "Rasario" аԥҵара. Есышықәса планшьаҭала ԥшь-коллекциак ӡыраагоит. Уажәы ҳара ҳаҿуп аколлекциа ҭагалан-аӡын 2018 аус адулара", — лҳәеит адизаинер.

Адизаинер иазгәалҭеит 2018 шықәса рзы абренд "Rasario" аалыҵ Аԥсны дырбара шлыгәҭаку.

2017 шықәса рзы еицырдыруа голливудтәи "аеҵәақәа": Дженнифер Лопес, Кети Перри, Алессандра Амбросио, Расида Лакоба лаалыҵ аархәеит. Апроект "Ты супер!" аҟны аиааира згаз Валериа Адлеиаԥҳа лакәзаргьы, Кремль имҩаԥысуаз аконкурстә финал аантәи лықәгылараҿы илшәыз Расида Лакоба лнапкымҭа акәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0