Афильм "Урҭ Урыстәыла амаҵ азыруан" афестиваль "Кунаки" аҟны ицәырган

© Sputnik / Томас ТхайцукБашлык.
Башлык. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XI Жәларбжьаратәи иаарту Нхыҵ Кавказтәи акинои ателехәаԥшреи рфестиваль "Кунаки" мҩаԥысуеит Аҟәа. Ҟабарда-Балкариатәи арежиссер Аслан Карданов арахь иааигеит адокументалтә фильм "Урҭ Урыстәыла амаҵ азыруан". Акиносахьа аҭыхшьа атәы радио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит афильм автор Аслан Карданов.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Арежиссер Аслан Карданов ифильм "Урҭ Урыстәыла амаҵ азыруан" аҟны ирыхцәажәоуп Урыстәыла аимператор икануеи иалаз адыгааи балкарааи.

"Сусумҭа ҳџьынџьуаа ирызкуп. Аимператор икануеи ыҟанаҵы уаҟа амаҵ руан ҩышәҩык инарзынаԥшуа адыгааи 13-ҩык абалкарцәеи", — иҳәоит Аслан Карданов.

Карданов иажәақәа рыла акануеит аԥҵан 1828 шықәса рзы.

Брошюра фестиваля кунаки. - Sputnik Аҧсны
Аблоҭиа: аҟазацәа рзы акинофестиваль "Кунаки" ҳауак иаҩызоуп

"Усҟан императорс дыҟан Николаи I. Акануеи аԥхьа авзвод ҳәа иашьҭан, нас Кавказтәи аескадронбжа ҳәа, ашьҭахьы Кавказтәи-ашьхаруатә ескадрон ҳәа ахьӡын. Cусумҭаҿы срылацәажәеит акануеи иалаз, реиҳа иналукааша ҳџьынџьуаа", — иҳәоит афильм автор.

Адокументалтә фильм аҭыхра арежиссер Карданов идыргалеит Ҟабарда-Балкариа аиҳабыра рҿы, Ҟабарда-Балкариа Урыстәыла алалара 460-шықәса аҵра аламҭалазы.

"Ҟабарда-Балкариа АТРЕ атематикатә дырраҭарақәа рмаҵзура аиҳабы Фатима Магомедова имҩаԥысуаз апроцесс далахәын. Иаармарианы еиҿылкаауан аусура, дҟаза дууп", — иҳәоит Карданов.

Асценари акәзаргьы изҩыз арежиссер иоуп. Аҭыхрақәа мҩаԥысуан Петербург.

"Петербург ҳарԥылон, ҳрыҿцәажәон Кавказ ҭызҵаауаз аҵарауаа. Урҭ даара иаҳзыхәарҭахеит афильм аҭыхраан. Петербург амузеиқәа рҟны ирацәаны аус аауит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Аслан Карданов.

Афильм аус адырулон шықәсыбжак инарзынаԥшуа.

Карданов иусумҭа афестиваль "Кунаки" апрограммала идырбахоит абҵара 20 рзы.

XI Жәларбжьаратәи иаарту Нхыҵ Кавказтәи акинои ателехәаԥшреи рфестиваль "Кунаки" мҩаԥысуеит абҵара 15-20 рзы, Аҟәа. Ҟабарда-балкариатәи арежиссер Аслан Карданов арахь иааигеит адокументалтә фильм "Урҭ Урыстәыла амаҵ азыруан".

Ажәабжьқәа зегьы
0