Аршба: ацәгьоурақәа раарԥшра 70 процент инаӡоит

© Sputnik / Томас ТхайцукГарри Аршба
Гарри Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба ипресс-конференциа мҩаԥысит аԥшьаша, абҵара 23 рзы АГТРК.

АҞӘА, абҵара 24– Sputnik, Бадри Есиава. Ацәгьоурақәа раарԥшра 70 процент инаӡоит иҳәеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба аԥшьаша, абҵара 23 рзы АГТРК имҩаԥысуаз ипресс-конференциаҟны.

"Ацәгьоурақәа раарԥшра апроцент еиҿкаауп амҩатә машәырқәа, изакәанымкәа абџьар амазаара, анаркотикатә маҭәашьаррқәа рыҵәахра уҳәа раарԥшрала. Арҭ ацәгьоурақәа иахьазы 100% раарԥшра алшоит. Иааидкыланы ацәгьоурақәа раарԥшра иахьазы иартәоит 70%", — иҳәеит Гарри Аршба.

Расширенное заседание коллегии МВД - Sputnik Аҧсны
Атәыла Ахада ААР аусура акыр иԥсыҽуп ҳәа ахиҳәааит

Аминистр иазгәеиҭеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра уаанӡатәи аколлегиақәа рҟны зыӡбахә рҳәоз аӷьычрақәа, ақәыларақәа макьанагьы ишаарԥшым.

ААР (МВД) асистемаҿы аус руеит 1260-ҩык ахацәеи 400-ҩык аҳәсеи. Иара убри аан адунеижәларбжьаратә норма инақәыршәаны 1000-ҩык ауааԥсыра ахьынхо ари ахыԥхьаӡара 600-700-ҩык рҟынӡа инаӡозар ауп.

"Аштаттә акқәа рыцҵара азыԥхьагәаҭам. Уи адагьы ҳара иаҳҭахуп иҟоу аштатқәа аоптимизациа рзааурц", — иҳәеит аминистр.

Аршба иара убасгьы иазгәеиҭеит аминистрра анапхгара ишазыԥхьагәанаҭо ареформақәа рымҩаԥгара. Усеиԥш ахәҭаны иҟоуп ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны. Иацеиԥш иахьа, ма уаҵәы аусура зыҟалом иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0