Аԥсны адипломатиатә Хаҭарнакра Италиа иаартуп

© Официальный сайт МИД РАПресс-конференции делегации Абхазии в Италии
Пресс-конференции делегации Абхазии в Италии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Италиа иаадыртыз Аԥсны адипломатиатә Хаҭарнакра макьаназы аккредитациа ахьамам азы аклассикатә дипломатиатә напынҵақәа нанагӡом.

АҞӘА, абҵара 29 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны адипломатиатә Хаҭарнакра Италиа иаартуп ҳәа ҳкорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа. Кан Ҭаниа усутә ҭаарыла Италиа дыҟоуп. Абри иныҟәараҟны иара дымҩаԥигон Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵақәа рынагӡаразы Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани.

Абҵара 28 рзы Италиа, ақалақь Барии аҟны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа ипресс-конференциа италиатәи АИХ рзы. Апресс-конференциа далахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵақәа рынагӡаразы Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани.

Замминистра иностранных дел Кан Тания - Sputnik Аҧсны
Ҭаниа: италиатәи абазилика амаҵуҩы Аԥсны Анцәа дхазҵо аҳамҭа рзааишьҭит

Кан Ҭаниа италиатәи АИХ ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа, аполитикатә статус зеиԥшроу, далацәажәеит аекономикеи атуризми русхк. Иара убасгьы Аԥсни Италиеи рыжәларқәа рыбжьара ацҳаеимадаразы имҩаԥго ауснагӡатәқәа ртәы, ҷыдала дазааҭгылеит

Ассоциациа "Европа – Аԥсны" Аԥсуа культура аинститут раартра, Италиа Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата ахаҭарнакра аартра. Уи адагьы апресс-конференциаҟны ирылаҳәан Италиа ишаартхо Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә Хаҭарнакра.

"Италиатәи АИХ рзы имҩаԥызгаз апресс-конференциаҟны ирыласҳәеит Ахаҭарнакра аартразы иахәҭаны иҟаз аофициалтә ҭаҩра шымҩаԥысыз. Ҳара уажәшьҭарнахыс официалла иурист хаҿны ҳусура мҩаԥаагалоит", — иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Италиа иаадыртыз Аԥсны адипломатиатә Хаҭарнакра макьаназы аккредитациа ахьамам азы аклассикатә дипломатиатә напынҵақәа нанагӡом.

"Иазгәаҭатәуп Ахаҭарнакра адипломатиатә напынҵақәа шымҩаԥнамго, избанзар Италиа иазханамҵац Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра. Ахаҭарнакра ианапынҵа хаданы иҟалоит Евроеидгыла аҵакыраҿы инхо Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа ринтересқәа рыхьчара иара убасгьы аԥсуеи аиталиеи жәларқәа рыбжьара аиныррақәа, аимадарақәа рырҿиара, Аԥсны ахьӡ, абызшәа, акультура, аҵасқәа рыларҵәара. Иара убасгьы Ахаҭарнакра ахылаԥшрала имҩаԥгахалоит асоциал-культуратә уснагӡатәқәа: ацәыргақәҵақәа, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа рӡыргара, еиуеиԥшым жәларбжьаратәи афестивальқәеи ацәыргақәҵақәеи рылахәра", — иҳәеит Кан Ҭаниа.

Апресс-конференциаҟны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниеи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵақәа рынагӡаразы Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани ажурналистцәа ирзеиҭареиҳәеит ареспублика иахьатәи аҭагылазаашьа, аҿиашьа.

"Сара инарҭбааны ажурналистцәа ирзеиҭасҳәеит Аԥсны аҭоурых, Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара аибашьра алагареи амҩаԥысреи, иахьатәи ҳҭагылазаашьа", — иҳәеит Ҭаниа.

"2015 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵақәа рынагӡаразы Ацҳаражәҳәаҩыс Вито Гриттанни даныҟала ашьҭахь Аԥсни Италиеи реизыҟазаашьа акыр еиӷьхеит, алшарақәагьы рыҽдырҭбааит. Сара иныҭкааны ажурналистцәа ирасҳәеит аҵыхәтәантәи аҩышықәса ҳусура шымҩаԥысуа атәы", — иҳәеит иара.

Ҭаниа иажәақәа рыла 2016- 2017 шықәсқәа рзы Италиа иаартын ассоциациа "Европа – Аԥсны", Рим ақалақь аҟны Аԥсуа культура аинститут, Италиа Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата ахаҭарнакра.

Иара убасгьы Кан Ҭаниа ҳкорреспондент данлыҿцәажәоз илзеиҭеиҳәеит "Жәларбжьаратәи адипломатиатә обсерваториа Агәыҳалалраз Ацҳаражәҳәаҩ" ҳәа аҳаҭыртә шәҟәы шианашьаз.

"Аҳаҭыртә шәҟәы санашьахеит аԥсуеи аиталиани жәларқәа рыбжьара аимадарақәа рышьақәыргылараҿы сџьабаазы. Сара 28-тәуп абри аҩыза аҳаҭыртә шәҟәы зырҭахьоу. Абри еиԥшу аҳаҭыртә шәҟәы ианаршьахьеит Римтәи Папа, Иоанн Павел II. Агәахәара ду снаҭеит сылшамҭа хәыҷқәа асеиԥш иҳаракны рыхә ахьыршьаз", — иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0