Ерик Кәартаа: Очамчыра ақалақь арахә неиааиуа иалоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукКолонисты в селе Отара.
Колонисты в селе Отара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра ақалақь аҟны лассы-лассы имҩаԥыргоит асубботникқәа. Урҭ рхы рыладырхәуеит аҭыԥантәи ауааԥсырагьы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ажә, ацә, аҳәа уҳәа хкырацәала Очамчыра аԥстәқәа неиааиуа иалоуп ақалақь аиаҵәарақәа хшьаауа, ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит араион Ахадара "Анхамҩа иаҵәа" аусбарҭа аиҳабы Ерик Кәартаа.

"Ақалақь аҟны арахә анҵаны измоу рсиагьы ҳамоуп. Зны иаҳкьыԥхьып ҳәагьы ҳгәы иаанагеит, ма иԥхашьап ҳҳәеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Ақалақь Ахадара арахә рлымҳа абиркақәа раҭарагьы иалагеит зны.

"Имаҷымкәа аԥарагьы ақәаҳхарџьит. Ақалақь иалаз арахә анаанаҳкылалак иаразнакы изтәыз даадыруан, аха урҭ рыԥшәмацәа абиркақәа амырхит. Арахә рҭакырҭагьы ҳамоуп. Иаанаҳкылаз аԥстәы ҩымш-хымш уа иҟоуп, нас изтәу аҵх рҽалакны иҭыганы иргоит. Ҳәарада иарбанызаалак штрафк мшәакәа. Ааигәа иаанаҳкылаз арахә ирышьҭаланы иааиит ҩыџьа аҳәса быргцәа. "Ҳашәшьы, аха иаҳшәо ҳамам" рҳәеит. Иҟауҵои?", — иҳәеит аусбарҭа аиҳабы.

Ақалақь Ахадараҿы аус зуа ибзианы иеилыркаауеит ауаа асеиԥш ԥсҭазаара бзиак рыманы ишыҟарымҵо, аха узхымԥашагьы акы ыҟами.

"Ақалақь аҟны ақалақь азакәанқәа урықәныҟәалароуп" — иҳәеит Ерик Кәартаа.

Иара иазгәеиҭеит абри апроблема иахьанӡагьы аӡбра амамкәа иаанханы ишыҟоу.

"Аԥхынраз амшын аԥшаҳәа зегь ҳрыцқьеит. Ашәҭқәа рыла ихҟьаны еиҭаҳҳаит. Мчыбжьык ахы-аҵыхәала рышьҭамҭа умбо иқәыргеит. Аԥшасрақәа раан икаҳауа аҵлақәа рцынхәра аҿа еиҭаҳҳауеит, аха ихуаадаха ақалақь иалоу арахә урҭ нхыҿыҿааны ирфоит" — иҳәоит иара.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Очамчыра араион Ахада: асасааирҭақәа анаплакқәа рцынхәрас

Кәартаа иажәақәа рыла ааигәа африкатәи аҿкы иахырҟьаны аҳәақәа анықәырх ашьҭахь ҩба-хԥа шықәса анҵы ашьҭахь еиҭа ранҵара иалагеит.

"Ақалақь аҩныҵҟа аҳәақәа ранҵара иалагеит. 60 инареиҳаны ҳәа-хы ыҟоуп ақалақь иало. Инхо зегьы аԥсыуаауп. Еибадыруа ҳауп. Аӡәы итәы уалакьысыр алаба кны дааузкылсуеит" ҳәа дцәажәоит Кәартаа.

Кәартаа иажәақәа рыла иара убри аамҭазы Очамчыра ақалақь аҟны лассы-лассы имҩаԥыргоит асубботникқәа. Урҭ рхы рыладырхәуеит аҭыԥантәи ауааԥсырагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0