Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалара аԥҟаррақәа ԥсаххар алшоит

© SputnikДмитрий Кононов
Дмитрий Кононов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Россотрудничество Ахаҭарнакра аконсультант Дмитри Кононов Sputnik Аԥсны аинтервиу анеиҭоз иҳәеит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалара аԥҟаррақәа ртәы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалараан аԥышәарақәа рымҩаԥысшьа аиҭакрақәа роур алшоит иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз Россотрудничество Ахаҭарнакра аконсультант Дмитри Кононов.

"Аԥсуа ган абжьагарақәа хырыҩ раҳҭеит. Атестқәа Москва, Россатрудничество аҟны иазырхиахар ҟалоит. Урҭ иҷабу аконвертқәа ирҭаҵаны Аԥсныҟа иаашьҭхоит", — иҳәеит иара.

Кононов иазгәеиҭеит Урыстәыла аҵара зҵарц зҭаху Аԥснытәи аҿар шырацәаҩу.

"Ҵыԥх ҳара 500 зыҳәа ҳаузар, сынтәа еиҳахоит. Уи ус шакәу унарбоит "Единый день выпускников" захьӡу ауснагӡатә алахәылацәа рхыԥхьаӡара еиҳа аиҳахарала", — иҳәеит иара.

Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭало ирҭираны иҟоуп аԥышәарақәа ҩба: аурыс бызшәеи амаҭәар хадеи.

Аквотақәа роуразы асаит RUSSIA.STUDY аҟны заанаҵтәи аҽҭаҩра аҭахуп. Аҽҭаҩреи азыҳәа аелектронтә форма ахарҭәаареи рышьҭахь акандидат изыҳәа қьаадтә формада, електронтә форманы ишьақәыргылахоит.

Иара убри аан Кононов иҳәеит 2018-2019 шықәсқәа рзы аԥсахрақәа ҟалар алшоит ҳәа. Аҭалараз алкаарақәа иара акандидат ихаҭа дрылахәхароуп иҳәеит Кононов.

"Жьҭаармза инаркны ҳара ҳахь идгылон акандидатцәа реиԥш урҭ рҭаацәагьы, алкааратә компаниа иалагеит ҳәа. Ҳара дара ираҳҳәон макьаназы усеиԥш акгьы шыҟам, ргәы ҳарҭынчуан", — иҳәеит иара.

Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭаларазы аквотақәа шьақәыргылахоит абри ашықәс анҵәамҭаз мамзаргьы иааиуа шықәс алагамҭаз.

"Аквотақәа шҳәаақәҵахалак, азыҟаҵаратә усурақәа ҳрылагоит аурыс-аԥсуа еицкомиссиа аԥҵаразы. Уи азы абитуриентцәа зегьы адырра раҳҭалоит", — иҳәеит Кононов.

Ажәабжьқәа зегьы
0