Леон Қапба "Ты супер! Танцы" афинал ахь дзымнеиит

© SputnikЛеон Капба в первом полуфинале шоу "Ты супер!Танцы"
Леон Капба в первом полуфинале шоу Ты супер!Танцы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аконкурс "Ты супер! Танцы" афиналбжаҿы дықәгылан аԥснытәи акәашаҩ Леон Қапба.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Леон Қапба, Москватәи аказақцәа рхор инанагӡоз аурыс жәлар рашәа "Ах, ты степь широкая" дацкәашеит, аха иара аконкурс "Ты супер! Танцы" афинал аҟынӡа дзымнаӡеит.

"Сара сгәы уладууп. Сулаҽхәоит. Акәашара хаҵа кәашароуп. Ахы инаркны аҵыхәанӡа ԥаршеирак аҵамызт. Сара сзы иџьашьахәуп ас иқәыԥшу аҷкәын абасеиԥш ацәаныррақәа раарԥшра ахьилшо", — иҳәеит ажиури алахәыла Евгени Папунаишвили. Леон афинал аҟны ибара шиҭаху шьақәзырӷәӷәоз аиаҵәа лашарагьы аиркит.

Егор Дружинин иакәзар иазгәеиҭеит Леон иҟыбаҩ ахырхарҭа рацәа шамоу.

Ты супер! Танцы - Sputnik Аҧсны
Валериа Адлеиԥҳа адгылара илҭоит "Ты супер!Танцы" алахәыла Леон Қапба

"Уара улшарақәа рҳәаақәа урҭыҵуеит. Уара угениуп. Артистк иҳасаб ала аусура иацуҵар, иуникалу кәашаҩхоит", — иҳәеит Дружинин.

Кристина Кретова, Леон Қапба иқәгылара далацәажәо илҳәеит игу акы ыҟазаргьы аҳәара аҭахымкәа ишылбо.

"Ҳара иаабеит еизаку аномер. Уи ус аламала иеиҿукаауа акәым", — лҳәеит лара.

Ажиури ахаҭарнак Анастасиа Заворотниук аномер акыр иуқәҿиеит ҳәа иалҳәеит ҳакәашаҩ.

13-ҩык рҟынтәи афинал ахь инарышьҭуан ԥшьҩык.

Жәларбжьаратәи аконкурс "Ты супер! Танцы" ажиури рыӡбрала афинал ахь инеиит: Валериа Радионова, Анастасиа Иашкина, Виктор Лукинов, Мухамед Курбанови Никита Иванови.

Жәларбжьаратә аконкурс "Ты супер! Танцы" еиднакылоит Урыстәыла, ИАР, Балтиа рҟынтәи аҟыбаҩ ҷыда змоу ахәыҷқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0