Асахьаҭыхыҩ Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 150 шықәса ҵит

© Sputnik Сария Кварацхелия Возложение цветов к мемориалу Александра Чачба -Шервашидзе
Возложение цветов к мемориалу Александра Чачба -Шервашидзе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2017 шықәса рзы иҵит раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхыҩ, аграфик, асценограф, аҟазараҭҵааҩ, акритик Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 150-шықәса.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхыҩ, аграфик, асценограф, аҟазараҭҵааҩ, акритик Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 150-шықәса аҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаԥысра хацыркхеит иара имемориал аҟны ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала.

Встреча президента с семьей Александра Шервашидзе-Чачба - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иҭахцәа дырԥылеит

Ари ацеремониа иалахәын: Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа, лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа, асахьаҭыхыҩ имоҭа Демосфен Заицев, ареспублика ауаажәларра.

"Иахьа ауснагӡатәқәа хацыркхоит аҭҵаарадырра-практикатә конференциа амҩаԥгарала, уаҵәы – Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иӡыргахоит Аԥсны иҟоу Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа", — лҳәеит Ельвира Арсалиаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла акраҵанакуаны иҟоуп иара ирҿиамҭақәа рӷьырак Аԥсны иаанханы иахьыҟоу.

"Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба ихьӡ ала адунеи уаҿцәажәар алшоит. Иара дрывагылоуп Бенуа, Головин, Пикассо реиԥш иҟақәоу. Иара иҭыԥ ԥшьа макьанагьы ишахәҭоу еиԥш иалкаам. Иахьазы акрызҵазкуа хҭысуп 100 инареиҳаны ирҿиамҭақәа рцәыргақәҵара ахьалыршахо. Аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыҩныҵҟа асҟак иҭбаау цәыргақәҵа мҩаԥаҳамгацызт. Иџьоушьартә иҟоуп иара иҭынха аиҳарак иԥсадгьыл аҿы иахьаанхаз", — лҳәеит аминистр.

Алеқсандра Шервашиӡе-Чачба имоҭа ишиҳәаз ала иабду еснагь Аԥсны гәхьааигон.

Аԥсар Александр Чачба. - Sputnik Аҧсны
Аԥсар "Александр Чачба" зегь раасҭа аинтерес аман ацәыргақәҵаҟны

"Даара сгәы снархьуеит сабду иԥсадгьыл ахь даартә иахьаҳзеиҿымкааз. 10 шықәса абри аус ҳаҿын. Сан азин анлоу Парижҟа амҩа дықәлеит, аха уа дахьнеиз илаҳаит иара хымш раԥхьа анышә дшамардаз. Сабду иԥсҭазаара аиҳарак Урыстәылеи аҳәаанырцәи дшынхозгьы Аԥсны ҩы-шықәса дынхон. Иара дахьыҟазаалакгьы игәаҿы иҟан Аԥсны, Аҟәа ахаҿра. Уи рныԥшуеит Аԥсны иазкны имҩаԥигоз анҵарақәа. Гәҭыханы иман иаарту аԥхынтә театр аԥҵара. Иԥсадгьыл дшаҟәыгазгьы ашәымҭакгьы уи ихашҭны дҟамлацызт" ҳәа Sputnikакорреспондент илзеиҭеиҳәеит асахьаҭыхыҩ имоҭа.

Раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхыҩ, аграфик, асценограф, аҟазараҭҵааҩ, акритик Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 150-шықәса аҵра азгәаҭара мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа, ԥхынҷкәын 12-13 рзы.

Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 17 1968 шықәса рзы, Париж.

Ажәабжьқәа зегьы
0