Москва Аҩны Аҟәатәи ашкол №14 аҳамҭақәа азыҟанаҵеит

© Sputnik"Дом Москвы" подарил сухумской школе №14 оборудование для изучения химии, биологии и физики
Дом Москвы подарил сухумской школе №14 оборудование для изучения химии, биологии и физики - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва Аҩны аҟәатәи ашкол №14 аҳамҭақәа азыҟанаҵеит. Уи иалнаршоит аҵаҩцәа алабораториаҿы физика, химиа, биологиа рҵара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-усутә центр "Москва Аҩны" аҟәатәи ашкол №14 ҳамҭаны иарҭеит химиа, физика, биологиа рҵаразы ахархәагақәа.

"Ԥхынҷкәын акыр ибеиоу мзоуп аҳамҭақәа рыҟаҵаразы. Аҳамҭақәа ҟарҵоит Москва аиҳабыра. Уажәы Москва аиҳабыра ихацдыркит апрограмма ҿыц: Аԥсны ашколқәа рахь аҵара атехнологиа иаззырҳаша амыругақәа раагара", — иҳәеит акультура-усутә центр "Москва Аҩны" адиректор Зоиа Баутина.

Москва Аҩны аҟәатәи ашкол №14 аҳамҭақәа азыҟанаҵеит. Уи иалнаршоит аҵаҩцәа алабораториаҿы физика, химиа, биологиа рҵара ҳәа азгәалҭеит Баутина.

"Ари пилоттә проектуп, иҳамҭа дууп. Агәыӷра ҳамоуп апрограмма иацҵахоит ҳәа", — лҳәеит лара.

© Sputnik"Дом Москвы" подарил сухумской школе №14 оборудование для изучения химии, биологии и физики
Дом Москвы подарил сухумской школе №14 оборудование для изучения химии, биологии и физики  - Sputnik Аҧсны
"Дом Москвы" подарил сухумской школе №14 оборудование для изучения химии, биологии и физики

Арҵаҩцәа ракәзар агәахәара рыманы ирҳәон аҳамҭақәа амаҭәарқәа рҵараҿы ишхәарҭа духо.

"Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Москва аиҳабыра иаҳзыҟарҵаз аҳамҭаз. Ахәыҷқәа уаанӡа ирыдҳамгалацыз аматериал рацәа ҳауит. Сгәы иаанагоит ахәыҷқәа амаҭәарқәа еиҳа бзиа ирбо иҟалап ҳәа", — лҳәеит химиа арҵаҩы Нина Мачколиан.

2017 шықәсазтәи апроект ҿыц аҳәаақәа ирҭакны иаашьҭу аҳамҭақәа аԥышәақәеи апрактикатә зыҟаҵарақәеи дырмариоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0