Тхеквондо азы аицлабраҿы аԥсуа аспортсменцәа қәҿиарала иқәгылеит

© Фото : АпсныПрессВ Сочи прошло Открытое Первенство города по тхэквондо ИТФ
В  Сочи прошло Открытое Первенство города по тхэквондо ИТФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тхеквондо азы иаарту аԥхьахә агаразы, Шәача, ԥхынҷкәын 16 рзы имҩаԥысуаз аицлабра, иалахәын 200 ҩык аспортсменцәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа спортсменцәа ҿарацәа тхеквондо азы Шәача иааныркылеит аԥхьахәтә ҭыԥқәа, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭаиҳәеит Аԥсны тхеквондо азы Афедерациа ахада Оҭар Гәогәуа.

Тренировка каратистов перед чемпионатом мира - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аспортсменцәа косики карате азы адунеи ачемпионат иалахәхоит

"Ари есышықәса имҩаԥысуа еицлаброуп, еиҿкаауп ҩаӡара ҳаракыла. Аԥхьахә агаразы иқәгыло аиҳарак аспорстменцәа ҿарацәа роуп, аиааира аанаҳкыларцаз акыр ҳҽазыҟаҳҵон,", — нациҵеит иара.

Актәи аҭыԥ аанылкылеит Зарина Кумаритова, аҩбатәи аҭыԥқәа – Роман Меликлиани Никита Кохани, ахԥатәи – Вероника Чакриан, Арсении Цвых, Енвер Отырба, Алиса Барановскаиа.

"Ҳара хҽазаҳшәоит ахәыҷкәа Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуа аицлабрақәа рхы рыладырхәырц. Алыҵшәақәа аныҟалак, дара еиҳагьы рҽадцаланы рҽазыҟарҵоит", — инаҵишьит Гәогәуа.

Аицлабра иалахәын 200 ҩык инарзынаԥшуа 6 шықәса инаркны 10 нӡа зхыҵуа ахәыҷкәа. Аԥснынтә аԥхьахә агаразы Шәачаҟа ицеит 18 ҩык аспортсменцәа. Аицлабра иалахәын иара убас Краснодар, Курганинск, Туаԥсе, Армавир, Новороссииск, Шәача уҳәа рҟнытә ахәыҷкәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0