Ҳаџьымба: иааидкыланы иугозар, 2017 шықәса цәгьамкәа имҩасуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЕжегодное послание президента народному собранию
Ежегодное послание президента народному собранию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар реизара – Апарламент ахь Аԥсны Ахада есышықәсатәи инашьҭымҭаҿы далацәажәоит атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа, аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәии адәныҟатәии политика ахырхарҭақәа, аекономика, атәылахьчара, агәабзиарахьчара, аҵара, акультура, аенергетика, атуризм уҳәа рҟны иқәгылоу азҵаарақәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба, Амра Амҷԥҳа. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар реизара – Апарламент ахь есышықәсатәи анашьҭымҭа ҟаиҵеит. Иааидкыланы иугозар, 2017 шықәса цәгьамкәа имҩасуеит иҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар реизара – Апарламент ахь есышықәсатәи анашьҭымҭаҿы.

"Уаанӡеиԥш уажәгьы аҳәынҭқарра аизҳа-зыӷьара аиуразы аусеицурахь ааԥхьара шәысҭоит", — иҳәеит иара.

Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Ахада есышықәсатәи инашьҭымҭаҿ атәыла аҭагылазаашьа далацәажәоит

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит атәылаҿ иҟоу аполитикатә мчрақәа зегьы реидгылара мацара шакәу иалзыршо алҵшәа бзиақәа риоура.

"Ҳара ҳхықәкы хадақәа шыҟац еиԥш иаанхоит. Арахь иаҵанакуеит аекономика аҿиара, ауаҩытәыҩсатә капитал аизҳара, азинтә шьаҭа змоу аҳәынҭқарра арӷәӷәара, ҳтәылауаа рыбзазара аиӷьтәра, ауаажәларра рыбжьара аилибакаара аԥыжәара аҭара", — иҳәеит иара.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит дшақәгәыӷуа амчра азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи хәҭақәа русеицура. Иара убасгьы иҳәеит еснагь дшазыхиоу адепутатцәеи иареи рыбжьара адиалог амҩаԥгареи хра зманы иҟоу аԥшьгарақәа рыдгылареи.

"Аԥсны аизҳа-зыӷьаразы алҵшәақәа ҳазҭараны иҟоу аусеицура заҵәыкоуп. Убри азы зегь шәахь ааԥхьара зуеит аиндаҭлара амҩа наҟ иааныжьны аидгылара, аусеицура, аицхандеира амҩа ҳаныларц. Усеиԥш анакәымха, иарбанызаалак хықәкык зынаӡараны иҟам", — иҳәеит иара.

Иара убасгьы хазы дазааҭгыланы иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә бызшәа астатус аизырҳара хымԥаданы ишыҟоу.

Иазгәеиҭеит атәыла аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитика шазырхо иара жәларбжьаратәи азхаҵара аус.

Ари, Аԥсны Ахада Апарламент ахь аҩбатәи инашьҭымҭоуп. Актәи инашьҭымҭаан, 2016 шықәса рзы, иара иазгәеиҭеит 2015 шықәса рзы анапы шрыҵаҩыз 15 ҳәынҭқаррабжьаратә, еиҳабырабжьаратә, усбарҭабжьаратә еиқәышаҳаҭра.

Ауснагӡатә амҩаԥысра иалахәуп: адепутатцәа, аминистррақәа рхадацәа, араионқәеи ақалақьқәеи реиҳабацәа, араионтәи ақалақьтәи еизарақәа рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0