Ҳаџьымба: Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьа хадара змоу акәны ҳахәаԥшуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукХаджимба: придаем основополагающее значение укреплению абхазо-российских отношений
Хаджимба: придаем основополагающее значение укреплению абхазо-российских отношений - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар реизара – Апарламент ахь Аԥсны Ахада есышықәсатәи инашьҭымҭаҿы далацәажәоит атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа, аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәии адәныҟатәии политика ахырхарҭақәа, аекономика, атәылахьчара, агәабзиарахьчара, аҵара, акультура, аенергетика, атуризм уҳәа рҟны иқәгылоу азҵаарақәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20— Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар реизара – Апарламент ахь есышықәсатәи анашьҭымҭа ҟаиҵеит. Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьа хадара злоу акәны ҳахәаԥшуеит иҳәеит иара инашьҭымҭаҟны.

Ежегодное послание президента народному собранию - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: иааидкыланы иугозар, 2017 шықәса цәгьамкәа имҩасуеит

"Урыстәылеи Аԥсни рыстратегиатә еизыҟазаашьа арӷәӷәареи, жәларбжьаратәи ҳазхаҵара арцыхцыхреи, аимадара ҿыцқәа раԥҵареи, аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәии адәныҟатәии политика ахырхарҭа ҿыцқәа рыԥшаареи, аекономика, атәылахьчара, агәабзиарахьчара, аҵара, акультура, аенергетика, атуризм уҳәа рҟны иқәгылоу азҵаарақәа аус рыдулареи хадара злоу ракәны ҳрыхәаԥшуеит", — иҳәеит Аԥсны Ахада инашьҭымҭаҟны.

Ҳаџьымба иажәақәа рыла 2017 шықәса рзы Урыстәыла Аԥсны ацхыраара анаҭон атәылахьчареи ашәарҭадареи, аекономикатә ҿиареи, асоциалтәи зҵаарақәа рыӡбараҿы.

"Ҳажәларқәа рыбжьара еиҳа-еиҳа аҿиара роуеит акультуратәи агуманитартәи еимадарақәа. Уи аполитикатә еинырразгьы ишьаҭа бзианы иҟоуп. Ҳаизыҟазаашьақәа рзинтәшьаҭагьы аҽарҭбаауеит. Аиҩызареи астратегиатә еидгылареи рзы Аиқәшаҳаҭра аларҵәара ҳаҿуп. Иара иадҳәалоуп акымкәа иҩбамкәа ҳнапы зҵаҩхьоу егьырҭ аиқәшаҳаҭрақәагьы", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Ҷыдала дазааҭгыланы далацәажәеит Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо урыстәыла атәылауаа рзы амедицинатә ԥгаԥса аҭара азыԥхьагәазҭо аиқәшаҳаҭра.

"Аратификациа азууп иаку аинформациатә координациатә Центр аԥҵаразы аиқәшаҳаҭра. Уажәы, аԥснытәи аган аус аднаулоит ҩ-тәылауаҩрак рзы аиқәшаҳаҭра апроект. Аҵак ҷыда рыманы иҟоуп аиҳабыратә еиныррақәа. 2017 шықәса нанҳәа 8 рзы имҩаԥысит Урыстәыла Ахадеи сареиҳаиԥылаар. Ирылацәажәан еиуеиԥшым азҵаарақәа хкырацәала", — иҳәеит атәыла Ахада.

Иара убри аан иазгәеиҭеит абри ашықәс азы Аԥсны жәларбжьаратәи аконтекст ала уаххәаԥшуазар еиҭакра дук иахымсит.

Ари, Аԥсны Ахада Апарламент ахь аҩбатәи инашьҭымҭоуп. Актәи инашьҭымҭаан, 2016 шықәса рзы.

Ауснагӡатә амҩаԥысра иалахәуп: адепутатцәа, аминистррақәа рхадацәа, араионқәеи ақалақьқәеи реиҳабацәа, араионтәи ақалақьтәи еизарақәа рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0