Ҳаџьымба атәыла ахадас иҟаларазы: аамҭа иаҳнарбап

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВторой тур парламентских выборов в Абхазии
Второй тур парламентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ипресс-конференциа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигаз апресс-конференциаҟны иҳәеит иааиуа атәыла Ахада иалхрақәа раан алхра иҽалаирхәыр шауа.

Итоговая пресс-конференция президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: ҳхатәы лшамҭақәа еиҳа-еиҳа еиҳахоит

"Аҽазнык алхрақәа рылахәра атәы ҳҳәозар, абри аҭыԥ аҿы атәара имариоу усӡам, акыр аџьабаа ацуп. Ҳахәаԥшып, иҟало аабап", — иҳәеит иара.

Иара иазгәеиҭеит алхрақәа рымҩаԥгара макьаназ акыр шыбжьоу, уаанӡа атәыла анапхгара аҭара зҭаххаша ҟалап ҳәа.

2014 шықәса абҵарамзазы, Ашықәс ҿыц аламҭалази атәыла Ахадас иҟазаара 100-мш ахыҵреи инарыдҳәаланы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигеит раԥхьатәи апресс-конференциа ду. 2016 шықәса ԥхынҷкәын 27 рзы Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигеит аҩбатәи апресс-конференциа ду.

Ажәабжьқәа зегьы
0