Апарламент аҟны Аиҳабыра рыгәрамгара азҵаара иазхоз абжьқәа амоуит

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет министров.
Кабинет министров. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, ԥхынҷкәын 28 рзы Аҟәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц игәрамгара азҵаара аилатәара амшхәаԥштә азҵаараҿы иарбазарц ажәалагала ҟаиҵеит адепутат Илиа Гәниа. Аха абжьыҭирақәа рышьҭахь азҵаара иахәҭаз абжьқәа амоуит ҳәа ааицҳаит акорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Заседание парламента - Sputnik Аҧсны
Апарламент аҟны Аиҳабыра рыгәрамгара азҵаара шьҭырхит

Гәниа иажәалагала аилатәара алахәылацәа рыбжьара аимак-аиҿак арҵысит. Адепутат Валери Агрба иазгәеиҭеит асеиԥштәи ажәалагала арегламент иаҿагылоит, уи иара иашьашәалоу апроцедурақәа ирхыжьтәуп ҳәа. Агрба диқәшаҳаҭхеит Аԥсны Ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамбагьы.

Адепутат Баҭал Табаӷәуа иакәзар, ажәалагала арегламент еиланагом амшхәаԥштә азҵаарагьы иалагалазар ауеит ҳәа.

Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Саид Ҳаразиа игәаанагарала абри азҵаараҿы аццакра аҭахым, даара ишәаны-изаны изызнеитәу зҵаароуп ҳәа.

Азҵаара амшхәаԥштә аҵаркразы апарламенттә комиссиа абжьыҭираан 20-ҩык адепутатцәа рҟынтәи уи иақәшаҳаҭхеит 16-ҩык, ҩыџьа мап ацәыркит, ҩ-биуллитенк ԥхасҭатәын. Азҵаара амшхәаԥштә иаларгаларц азы иахәҭан 18 бжьы рақәшаҳаҭхара.

Ажәабжьқәа зегьы
0