Ашықәс ҿыцызтәи амаҭәарқәеи, алакәтә хаҿсахьақәеи: Илона Ҷанԥҳа лнаплыхқәа

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаИлона Ҷанԥҳа
Илона Ҷанԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәытә аахыс ҳтәылаҟны ирацәан анапҟазацәа. Аҳәсеи аҭыԥҳацәеи ракәзаргьы, рнапы иҵҵон абамбеи, аласхеи, ахамыи, абеи ирылху ашәҵатәқәа. Иара убас, аус адырулон анышәаԥшьи асаркьеи уҳәа. Иахьа, аамҭа ԥхьаҟа ицеит, анаплыхқәа рхыԥхьаӡара рацәахеит, ари аҟазара аҽарҭбааит ган рацәала.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Уажәааигәа, амшын аԥшаҳәаҟны сылаԥш дыҵашәеит хәмарга ԥшӡак зманы иааиуаз ӡӷаб хәыҷык. Данысзааигәаха, избеит илкыз акьанџьа ԥсыуа маҭәала ишеилаҳәаз, ларгьы пату ақәҵаны илгәыдырӷәӷәала илкын.

Иабантәаабгеи ари аҩыза ахәмарга ссир ҳәа санлазҵаа, сан исзылӡахит лҳәеит. Ларгьы, ахәыҷы длышьҭархх дааиуан…

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаИлона Ҷанԥҳа лыкьанџьақәа
Илона Ҷанԥҳа лыкьанџьақәа - Sputnik Аҧсны
Илона Ҷанԥҳа лыкьанџьақәа

Акьанџьа ӡахҩи сареи ҳаибадырит. Хҩык ахшара ирану, занааҭла иекономисту, Илона Ҷанԥҳа, ҳаиҿцәажәара мап ацәыламкит. Ахәыҷы дахьынӡахәмаруаз, Илона исзеиҭалҳәеит лнапҟазара аҭоурых.

"Раԥхьаӡа, абамба иалху ахәмарга сӡахит 10 шықәса анысхыҵуаз, уи ажьа акәын, акраамҭагьы иҵәахны исыман гәаларшәагас, анаҩс ҳамҭас сҩыза илысҭеит", — лҳәоит акьанџьа ӡахҩы.

Илона ашкол далгаанӡа илӡаххьан жәабала ахәмаргатә ԥстәқәа. Лара лнапҟазара адылҳәалоит ашкол аҟны аџьаус амаҭәар аҿы илоуз адырра ҳаракқәа.

Анаҩс, сзабадыраз хҩык аԥҳацәа ран исзеиҭалҳәеит, лыхшарагьы аныҳәатә маҭәақәа рзыӡахра азҿлымҳара шалҭозгьы.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаИлона Ҷанԥҳа лыкьанџьақәа
Илона Ҷанԥҳа лыкьанџьақәа - Sputnik Аҧсны
Илона Ҷанԥҳа лыкьанџьақәа

"Ашықәс ҿыц аламҭалаз, ахәыҷқәа ирзысӡахуан еиуеиԥшым акостиумқәа, еибысҭон арԥшӡагақәа рыла", — азгәалҭоит лара.

Илона лыԥҳацәа еснагь хәмаргала еиқәшәан, дара адәқьанқәа рҟны ирҭиуа аасҭа, ран лнапала иҟалҵо ауп бзиа ибаны излахәмаруа.

Мака Кочал-иԥа - Sputnik Аҧсны
Анапкымҭа ссирқәа

Ҩышықәса раԥхьа, Илона аинтернет асаитқәа руак аҟны машәыршақә илбеит акьанџьақәа "Тильда" захьӡу ахырхарҭала рыӡахышьа. Уи акырӡа лгәы иақәшәеит, илгәаԥхеит.

"Арҭ акьанџьақәа рыӡахышьа ахатәы технологиа амоуп. Иуԥылоит ажьа ахы зхагылоу, аха ауаҩы еиҿартәышьа змоу. Иара убас, иаарыланы иҟоу аҳәса, ахацәа, еиуеиԥшым аԥстәқәа, аԥсаатәқәа, алакәтә хаҿсахьақәа. Араҟа хадара злоу, иршәу амаҭәа ауп. Урҭ еиуеиԥшым, аԥшшәы рацәа змоу абала иӡахуп", — ҳәа азгәалҭоит Илона.

Акьанџьа ӡахҩы лнапҟаҵамҭақәа еилалҳәоит амилаҭ маҭәала, насгьы лхала илхәыцуа акостиумқәа рыла. Иҟоуп асувенир ҳасабала еиқәыршәоугьы.

"Иаҳҳәап, акьанџьа акрыфарҭа иазынархазар, анапы иасыркуеит акаҳуа арыцқәа, ача аалыҵқәа урҭгьы снапала иҟасҵоит, аԥшшәы рхасҵоит. Еиҳараӡак излысхуа, аџьакхыш злоу амажәа ауп. Асасааирҭа иазынархоу, анапы иасыркуеит ашәҭқәа, аԥстәқәа, аԥсаатәқәа, арԥшӡага маҭәарқәа", — ҳәа аилыркаа ҟалҵеит сзыҿцәажәоз.

2015 шықәса раахыс, Илона Ҷанԥҳа лыкьанџьақәа цәырылго далагеит Аҟәа АРТ-маркет имҩаԥнаго анаплыхқәа рџьармыкьаҿы.

"Сара схаҿгьы исзаагомызт, абас еиԥш иҟоу ауаажәлар ахьеизго аџьармыкьаҟны сыкьанџьақәа цәырызгоит ҳәа. Аха саҳәшьа лабжьгарала, исыӡбеит сҽаласырхәырц. Уи ашықәсан сыхәмаргақәа хәба аархәеит", — ҳәа азгәалҭоит Илона.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаИлона Ҷанԥҳа лыкьанџьақәа
Илона Ҷанԥҳа лыкьанџьақәа - Sputnik Аҧсны
Илона Ҷанԥҳа лыкьанџьақәа

Ҵыԥхтәи ашықәс азы, акьанџьаӡахҩы лажәақәа рыла, алахәцәа рхыԥхьаӡара акырӡа иазҳаит, ицәырызгаз анапҟаҵамҭақәа ракәзар, иааџьоушьаратәы ирацәан.

"Аҭыԥҳацәа қәыԥшцәа ирӡахуа иалагеит "Тильда" ахырхарҭала акьанџьа дуқәа, аԥсаӡ азы ахәмаргақәа, Ашықәс ҿыц иашьашәалоу амаҭәарқәа, алакәтә хаҿсахьақәа. Ицәырган исахьаркны еиқәыршәаз афатә хаақәа, ахҩарақәа, ашәырқалмышь, аџьыка, асаркьа иалхыз ачыс маҭәа, амҿы маҭәахәқәа. Ажәакала, аҩынтә раан аџьармыкьахь саннеи, аныҳәа ду салаԥшит", — лҳәоит Илона.

Акьанџьаӡахҩы ҩышықәса раахыс лнапы иҵыҵхьеит шәкы инареиҳаны ахәмаргақәа. Урҭ шаны ирылҭоит илзааигәоу лыуацәеи лҩызцәеи. Илона лыԥҳацәа аинтерес рзаҵоуп ран лҟазара. Даргьы хшыҩзышьҭра арҭоит анапҟаҵамҭақәа, аха урҭ макьаназы ақьаад иалху роуп.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаИлона Ҷанԥҳа лыкьанџьақәа
Илона Ҷанԥҳа лыкьанџьақәа - Sputnik Аҧсны
Илона Ҷанԥҳа лыкьанџьақәа

Илона Чанԥҳа ҳаԥхьаҟа АРТ-маркет имҩаԥнагарны иҟоу аџьармыкьахь илгарц лгәы иҭоуп ԥсыуа маҭәала еибылҭо акьанџьақәа.

Ҳаиҿцәажәара ашьҭахь, Илона амра зҽаҭаны итәаз лыԥҳа хәыҷы даалыԥхьеит, аха лара акьанџьа лкымызт. Иабабгеи ҳәа ҳанлазҵаа, акырӡа иҳавсны инеихьаз ҩыџьа аҭыԥҳацәа лнацәы рықәкны, ҳамҭас ирысҭеит лҳәеит.

Илона лнапҟаҵамҭа "Аԥсуа хаҵа" амшын аԥшаҳәа ныжьны, иԥаҵа кьакьаӡа, ҩыџьа аҳәса хәыҷқәа дрыцны дцеит…

Ажәабжьқәа зегьы
0