Ацәашьынҵа

© Sputnik / Томас ТхайцукРоспись свечей для арт-маркета - Карина Таракчан
Роспись свечей для арт-маркета - Карина Таракчан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыӡера дынхоит Карина Таракчиан. Карина лажәақәа рыла, лара илылшоит иарбанызаалак асахьа ацәашьы ианҵаны аҭыхра (адекупаж ҳәа изышьҭоу аҟаҵара). Sputnik акорреспондент Карина лусушьа амаӡақәа дрышьклаԥшит, иагьҳзеиҭалҳәеит уи шыҟарҵо.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Карина Таракчиан дырҵаҩуп. Ахәыҷқәеи лареи абзиараз ҳәа анеибырҳәалак ашьҭахьгьы, лара лгәы лырҿыӷьуам. Бзиа илбо аус лнапы алалкуеит. Уи адекупаж ҳәа изышьҭоу ауп. Лара илылшоит ацәашьқәа ишаауҭаху еиԥш анҵа рзыҟаҵара.

© Sputnik / Томас ТхайцукРоспись свечей для арт-маркета - Карина Таракчан
Роспись свечей для арт-маркета - Карина Таракчан - Sputnik Аҧсны
Роспись свечей для арт-маркета - Карина Таракчан

"Зны ацәашьы асахьанҵа аҭаны журналк аҟны избеит. Исгәаԥхеит. Аинтересгьы скит. Аԥхьаҵәҟьа ҳәарада исцәыуадаҩхеит. Исықәманшәаламхеит, аха нас, маҷ-маҷ снапахьы иаазго салагеит уи аус. Усеиԥш исылшошәа анызба, исыӡбеит аамҭа ансымоу саргьы иҟасҵаларц ацәашьынҵақәа. Аиаша шәасҳәап, сыԥсы сшьоит уи санаҿу. Абри аус аҟны адгылара сиҭоит сыԥшәма. Иааҟасҵо зегьы бзиоуп ҳәа сеиҳәоит. Зны-зынла схәыҷқәагьы сыцхраауеит", — ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Декупаж азы аматериал Карина Таракчиан Аԥсны илзымԥшааит, Адлер дцаны иаалхәоит.

"Сусура иахҟьаны лассы-лассы уахь сызцалом, аха знык санцалак, ԥыҭраамҭак исызхаша аасхәоит" — лҳәоит Карина.

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәРоспись свечей для арт-маркета - Карина Таракчан
Роспись свечей для арт-маркета - Карина Таракчан - Sputnik Аҧсны
Роспись свечей для арт-маркета - Карина Таракчан

"Ахендмеидер" аиҳарак илго ацәашьы шкәакәақәа роуп. Ашкәакәаҟны еиҳа аҽарԥшӡоит иҭухуа асахьа.

Декупажи ацәашьынҵеи рыҟаҵара хымзҟа роуп иҵуа Карина лнапы алакуижьҭеи, лара раԥхьаӡа акәны, Аҟәа имҩаԥысыз Арт-маркет далахәын. 

Ашықәсҿыцазтәи атренд

Агәыӡератәи аҟазауаҩ лажәақәа рыла Ашықәс ҿыц аан еиҳарак ахархәара рырҭоит Аҵаа Бабаду, аԥсаӡ, ахәмаргақәа уҳәа зну ацәашьқәа.

"Уажәы сара ишәсырбоит ацәашьи асалфеткеи ирылхны адекупаж шыҟарҵо, — лҳәоит Карина, лаԥхьагьы инықәылҵоит аматериал: ацәашьқәа, асахьа зну асалфетка, аҷаб ПВА".

© Sputnik / Томас ТхайцукРоспись свечей для арт-маркета - Карина Таракчан
Роспись свечей для арт-маркета - Карина Таракчан - Sputnik Аҧсны
Роспись свечей для арт-маркета - Карина Таракчан

Асалфеткақәа сааҭк иназынаԥшуа ибалароуп. "Ахендмеидер" иалылхыз асахьаҿ иануп аҵәҵәақәа, акурантқәа, аҵарақәа, асы.

"Атема аныҳәа иатәуп, ианаалоит" — лҳәоит Таракчиан.

Ацәашьы раԥхьатәи анҵақәа рышьҭахь, Карина аҷаб ПВА ала урҭ хьыӡлыркуеит.

"Сара схы иасырхәоит араӡныԥшшәы, уи аныҳәатә ҟазшьа рнаҭоит санҵамҭақәа", — лҳәоит Карина.

Аҷаб анышәлак ашьҭахь, амыцхәрақәа ықәуԥсар ҟалоит. Абри ашьҭахь акәыршашьҭа хлыркуеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукРоспись свечей для арт-маркета - Карина Таракчан
Роспись свечей для арт-маркета - Карина Таракчан - Sputnik Аҧсны
Роспись свечей для арт-маркета - Карина Таракчан

"Акәыршашьҭа аҟаҵаразы ахьӡыркы еиҳа иԥшӡоуп. Аԥхьа-аԥхьаҵәҟьа исцәыуадаҩын акәыршашьҭақәа еиԥшны рыҟаҵара, аха аамҭеи аԥышәеи дара ртәы ҟарҵеит. Исҵеит. Уажәы иуадаҩу акәыршашьҭақәагьы мырхьааӡакәа иҟасҵоит", — лҳәоит лара.

Цәашьык аҟаҵара 4-5 сааҭ агоит.

Карина Таракчиан лажәақәа рыла, ацәашьынҵа шуҭаху иҟауҵар ауеит. Асеиԥш ассир ахәԥса 250-500 мааҭ артәоит. Ахәԥса еиҳарак аусумҭа амариареи ауадаҩреи ирыдҳәалоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукРоспись свечей для арт-маркета - Карина Таракчан
Роспись свечей для арт-маркета - Карина Таракчан - Sputnik Аҧсны
Роспись свечей для арт-маркета - Карина Таракчан
Ажәабжьқәа зегьы
0