Аҭеиԥҳа: Аԥсны ҭыԥк аҟнытә ҩба-хԥа етиуд иаразнак иаԥуҵоит

© Sputnik / Саида ЖибаХудожница Галина Атеиба
Художница Галина Атеиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа, имаҷӡам Аԥсны иҳамоу, зыхьӡ хара инаҩхьоу асахьаҭыхыҩцәа. Убраҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп, Галина Габиел-иԥҳа Аҭеиԥҳагьы. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәҩы Галина Аҭеиԥҳа, даныхәыҷыз инаркны лзанааҭ бзиа илбеит. Иахьанӡа, аҟаза лнапы иҵҵхьеит 800 инарзынаԥшуа усумҭа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Галина Аҭеиԥҳа ашкол дҭалаанӡагьы асахьаҭыхра далагахьан. Раԥхьаӡа акәны, ақьаад иалырбеит иахьынхоз аҩни, ашҭеи. Анаҩс, Џьырхәатәи ашкол дахьынӡаҭаз, иаԥылҵеит иакымкәа иҩбамкәа аусумҭақәа. Лассы-лассы Галина дҵас илырҭон ашкол аҟны иҭрыжьуаз аҭӡы газеҭ аиҿкаарагьы. Абжьаратә школ ашьҭахь, азнык азы, Галина археолог изанааҭ иалылхырц лыӡбеит, аха зегь акоуп, ақьаадқәа Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа иалалҵеит.

© Sputnik / Саида ЖибаРаботы Галины Атеиба
Работы Галины Атеиба - Sputnik Аҧсны
Работы Галины Атеиба

"Асахьаҭыхра азанааҭ аҳасабала сахәаԥшуамызт, археологиа акәын сгәы ззыҳәоз. Аха, ашкол саналга, еиҳа исықәманшәалахоз алысхит", — ҳәа ҳаиллыркааит Галина.

"Аԥсуа иашҭа" захьӡыз адипломтә усумҭа қәҿиарала ихьчаны, Галина Аҭеиԥҳа асахьаҭыхратә ҵараиурҭа даналга, 1977 шықәсазы, аусура далагоит Гагратәи аԥсшьарҭа ҩны "Украина", асахьаҭыхыҩ-аиқәыршәаҩс. Анаҩс, Борис Кьехьыриԥа дызхагылаз Пицундатәи аԥсуа школ ахь ааԥхьара лырҭоит асахьаҭыхра амаҭәар амҩаԥгаразы. Иара убраҟа иаартны илыман ахәыҷтәы асахьаҭыхратә студиагьы. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, Пицундаҟа ацара аара уадаҩхеит, убри аҟнытә, асахьаҭыхыҩ аусура далагоит Гагратәи абжьаратә школ №4 аҟны.

Убасҟан, Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабыс иаҭаз Борис Кьехьыриԥа Галина Аҭеиԥҳа дааиԥхьоит Гагратәи абжьаратә школ №1 ахь. Араҟа, акыршықәса асахьаҭыхра амаҭәар мҩаԥылгон. 2000 шықәсазы, аҵара аҟәша иахагылаз Илиа Канџьариа ицхыраарала, иаалыртуеит ахәыҷтәы асахьаҭыхратә студиа. Уи иахьа уажәраанӡагьы аус ауеит.

© Sputnik / Саида ЖибаРаботы Галины Атеиба
Работы Галины Атеиба - Sputnik Аҧсны
Работы Галины Атеиба

Галина Аҭеиԥҳа 17 шықәса ирылагӡаны иоулыжьхьеит 160-ҩык инарзынаԥшуа асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа. Дара реиҳараҩык уи ахырхарҭала азанааҭқәагьы алырхит.

"Сара сыстудиа иоунажьхьоу арԥарцәа рахьтә иҟоуп архитектура ҵара иалгахьоугьы, иҭоугьы. Аҭыԥҳацәа ракәзар, амодельер изанааҭ змоу рацәоуп. Сгәадурақәа роуп Мрамза Марыхәԥҳа, Амида Хышԥҳа, Иулиа Багаҭелиаԥҳа. Иара убас, иахьа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҟны аус луоит, асахьаҭыхра азанааҭ алызхыз Оксана Барзаниаԥҳа", — лҳәеит Галина Габирел-иԥҳа.

Галина Аҭеиԥҳа 2004 шықәсазы, Гагра лхатәы цәыргақәҵа анеиҿылкаа ашьҭахь, дрыдыркылоит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгала ахь.

"Убри аахижьҭеи есышықәса схы рыласырхәуеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла имҩаԥнаго ацәыргақәҵақәеи аконкурсқәеи. 2008 шықәсазгьы схатәы цәыргақәҵа еиҿкаан Аҟәа, ацәыргақәҵатә зал ахадаҟны. Иара убас, иҳаҩсыз амзазы, ҩаԥхьа 40 инарзынаԥшуа сусумҭақәа цәырызгеит", — ҳәа азгәалҭеит Галина.

Асахьаҭыхыҩ лажәақәа рыла, ҳара ҳ-Аԥсадгьыл убри аҟара иԥшӡоуп, ҭыԥк аҟны угыланы унаԥш-ааԥшыргьы, иаразнак ҩба-хԥа етиуд аԥуҵоит.

"Сара бзиа избоит ссахьақәа рҟны ашьыжь асахьеи, амра аҭашәамҭеи, архитектуратә баҟақәеи раарԥшра, иара убас иҭысхуеит апотреҭқәа, анатиурмортқәа. Бзиа избоит амш аныцәгьоу, мамзар аԥша анықәу аусура. Усҟан аԥсабара акалашәа иԥшӡахоит", — ҳәа ҳаиллыркааит асахьаҭыхыҩ.

Галина Аҭеиԥҳа иаԥылҵахьоу асахьақәа рхыԥхьаӡара аашәы иреиҳауп. Урҭ рахьтә хышә Аԥсни Урыстәылеи рҟнытә аҟазара абзиабаҩцәа иаархәахьеит. Ирацәоуп ҳамҭас илшахьоугьы. Асахьаҭыхыҩ усумҭак анагӡара шықәсыла данадхылоугьы ыҟоуп. Раԥхьа аетиуд аԥылҵоит. Анаҩс, ихалырҭәаауеит, лгәалаҟазаара зеиԥшроу еиԥш, аԥшәы ахалҵоит. Лара еиҳараӡак аус ахьылуа аҩноуп, уброуп асахьақәагьы еидкыланы иахьлымоу.

Галина Габриел-иԥа лсахьақәа есышықәса ицәырыргоит Москвеи, Санкт-Петербурги, Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәеи, Ҭырқәтәылеи уҳәа рҟны еиҿыркаауа ацәыргақәҵақәа рҟны.

Ааигәа, лусумҭақәа хԥа "Ҭагалан асахьа", "Акаҳуажәырҭаҟны", "Бзыԥ аӡиас" захьӡу Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла имҩаԥнаго есышықәсатәи "иреиӷьу аусумҭа" аконкурс ахь илышьҭит. Руакы акаталог ианҵахоит.

© Sputnik Саида ЖибаРаботы Галины Атеиба
Работы Галины Атеиба - Sputnik Аҧсны
Работы Галины Атеиба

Галина Габриел-иԥҳа дзыхӡыӡаауа лусумҭақәа иреиуоуп аԥсуаа рыԥсадгьыл Анцәа иҟнытә ишроуз атәы зҳәо алегенда зныԥшуа, "Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра" захьӡу, ҳтәыла архитектуратә баҟақәа, амшын аԥшаҳәа уҳәа зныԥшуа.

"Иҟоуп аусумҭақәа, егьа ахә ҳаракы сыдыргаларгьы исымҭиуа", — лҳәоит Галина.

Асахьаҭыхыҩ, сынтәатәи лцәыргақәҵа рзылкит, зыԥсҭазаара иалҵхьоу илзааигәоу ауаа. Уаҟа ицәырган дара рпортреҭқәагьы. Галина Аҭеиԥҳа лҭаацәараҟны асахьаҭыхра иазҟазаз дыҟамызт, аха лара агәра лгоит, лан Ангелина Гәымԥҳа лҟнытә арҿиарахьы агәыбылра шлоуз.

"Сан убри аҟара иԥшӡаны дықәҵон, аласха маҭәа лԥон, есқьынагьы гәахәарыла лнаплыхқәа срыхәаԥшуан. Аха сара сахь, лара лҟазара исахьаҭыхраны ииасит", — лҳәоит Галина Габриел-иԥҳа.

Асахьаҭыхыҩ,иахьа аус рыдылулоит аетиудқәа жәпакы.

Ажәабжьқәа зегьы
0