Гәдоуҭа, Очамчыра, мамзар реиҳа ашықәс рацәа нызҵуада Аԥсны

© Sputnik / Эдишерашвили / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖенщина-долгожитель Хьфаф Ласурия, прожившая 137 лет, гуляет со своим сыном.
Женщина-долгожитель Хьфаф Ласурия, прожившая 137 лет, гуляет со своим сыном. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны еснагь ашықәс рацәа нызҵуа ауаа иртәылоуп ҳәа ахьӡ рҳәон. Ишԥаҟоу уажәы аҭагылазаашьа? Уи атәы аилкаара алшоит Sputnik акорреспондент Бадри Есиава иматериал аҟны.

Аҵарауаа аԥсуаа рышықәсынҵыра аинтерес ркит XX ашәышықәсазы. НИИЕПиТа анаукатә усзуҩ еиҳабы, абиологиатә наукақәа ркандидат Алиса Матуаԥҳа лажәақәа рыла адунеи зегь аҟны ашықәс рацәа анҵра нормахо иалагеит. Иара убри аан 100 шықәса зхыҵуа рхыԥхьаӡара еиҳа еиҵахеит. Ареспубликаҿы 2017 шықәса рзы ашықәс рацәа зхыҵуа ҳәа ашәҟәы иҭагалан 919-ҩык ауаа. 2003 шықәса инаркны 2016 шықәсанӡа Аԥсны ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 12% иазҳаит.

Долгожители из абхазского села Джерда - Sputnik Аҧсны
Илиа Ашәба: жәытәрада аҿатә агьама ацәыӡуеит

"1970-тәи ашықәсқәа аагозар, ақыҭақәа Дәрыԥшь, Ҷлоу, Џьгьарда рҟны инхон 100-шықәса ирҭысхьаз 74-ҩык абыргцәа. Иахьазы 16-ҩы заҵәык роуп усеиԥш зықәра неихьаны иҳамоу", — лҳәоит Матуаԥҳа.

Иахьазы Аԥсны реиҳа ашықәс рацәаны изхыҵхьоу ауаа нхоит Гәдоуҭа араион аҿы (171-ҩык), Аҟәа ақалақь (149-ҩык), Аҟәа араион (50-ҩык). Аԥсны Аҳәынҭқарра астатистика аусбарҭа адыррақәа рыла урҭ рҟынтәи аҳәсақәа хыԥхьаӡарала еиҳауп.

"Иуҳәар ауеит ақыҭақәа рҟны ауаа еиҳа ашықәс нырҵуеит ҳәа. Урҭ аиҳарак махәҿала аус зуа иреиуоуп, еиҳа аԥсабара иадҳәалоуп, аҳауа цқьаҿы иҟоуп, рыфатә-рыжәтә цқьоуп", — лҳәоит ААУ адоцент, абиологиатә наукақәа ркандидат Ҭеона Каланӡиаԥҳа.

Ҭеона Касланӡиаԥҳа акыршықәса ҵуеит ашықәс рацәа нызҵуа ауаа ҭылҵаауеижьҭеи. Еиҿлырԥшуеит дареи абжьара-шықәс иҭагылоуи ршьа аилазаара. Абиолог илҳәоит иҭылҵааз рыбжьара аиҳараҩык ршьа актәи агәыԥ ишаҵанакуа. Ашьа актәи агәыԥ реиҳа иаԥхьатәиу агәыԥ ҳәа иршьоит аҵарауаа. Аԥсны инхо рышықәсынҵыра еиҵазтәуа ҳәа абиолог илшьоит урҭ рыԥсҭазаара аиҭакра, рыфатә-рыжәтә аԥсахра.

"Забиԥараҟны ашықәс рацәа нызҵыз ауаа ирымоуп алшара уи аиҭаҳәара. Ауаҩытәыҩса иген аҵак ду амоуп иԥсҭазааразы. Иазгәаҭатәуп зышықәс неихьоу ауаа шамахамзар рхы-рыхшыҩ аҭыԥ аҿы ишыҟоу", — лҳәоит лара.

Иахьа Аԥсны инхоит 100 шықәса ирҭысхьоу хәҩык ауаа: Ҭина Бебиаԥҳа (Хәаԥ, 112 шықәса), Ҭамара Гәымԥҳа (Дәрыԥшь, 105 шықәса), Туча Жьиԥҳа (Мысра, 104 шықәса), Нели Адлеиаԥҳаи Фениа Лацәышԥҳаи иааилаҵаны 207 шықәса нырҵхьеит. Иазгәаҭатәуп ахәҩыкгьы шыҳәсақәоу, урҭ рҟынтәи ԥшьҩык лаҵарамзазы ииз роуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0