Аҳәаа еилазгаз даанкылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГраница.
Граница. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа азакәандарыла ахысразы аусҭҵаара хацыркуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik. Ԥсоу аӡиас дыӡсаны иахысыз аҳәаа еилагаҩ дааныркылеит урыстәылатәи аган аҿы. Абри атәы аанацҳаит ателеканал "Кубань-24".

"Аҳәаа еилазгаз иҳәеит Ҟабарда-Балкариантәи Аԥсныҟа ацитрусқәа рыла ахәаахәҭразы дшааз" ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Иара иажәақәа рыла игәы иҭаз аналымша иӡбеит Урыстәылаҟа ахынҳәра.

Краснодартәи атәылаҿацә аҟны Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа абри аганахь ала аусҭҵаара хацнаркит.

Ажәабжьқәа зегьы
0