Аблоҭиа: афильм "Амзаҿа ангыло" аԥсуаа рыбзазашьа аанарԥшуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРежиссер Вячеслав Аблотия
Режиссер Вячеслав Аблотия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акинофильм "Амзаҿа ангыло" ҭыхын "Мосфильм" аҟны, Шьалодиа Аџьынџьал иҩымҭа иалхны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акинофильм "Амзаҿа ангыло" аԥсуаа рыбзазашьа аанарԥшуеит иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз актиор, акиностудиа "Аԥсныфильм" асахьаркыратә директор Виачеслав Аблоҭиа.

"Сара усҟан атеатр аҟны аус зуан. Сара инасыгӡаз ароль Анзор Мықәба инеигӡараны дыҟан, аха иара командировка дыҟан азы сара исыдыргалеит", — иҳәеит Аблоҭиа.

Иара иазгәеиҭеит акиносахьа ишалахәыз аԥсуа сцена акорифеицәа Азиз Агрбеи Шәарах Ԥачалиеи.

"Ароль хада неигӡеит ачечен актиор Дагун Омаев", — иҳәеит Аблоҭиа.

Иара игәалаиршәеит акиносахьа хронологиала. Афырхаҵа хада Алхас аибашьра ашьҭахь иқыҭа гәакьахь дхынҳәуеит. Аҭауад ҭыԥҳа Адицеи иареи бзиа еибабоит. Аха уи ҟалашьа амамкәаны дахәаԥшуеит Адица лаб, аҭауад Сафарбеи.

Аблоҭиа арадиоҿы иҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

Аҭауад идгылаҩцәа иршьуеит Алхаси Ар ҟаԥшьаа рымадаҩ Наташа Кораблиовеи. Адица Наташа лхәыҷы ааӡара дылгоит.

"Аԥҳәыс лроль хада налыгӡеит Медеиа Ченгьелиаԥҳа. Алхас иус ԥхьаҟа иназыгӡо иакәны дҟалеит иҩыза Шьаҳан, сара" ҳәа азгәеиҭоит актиор.

Аблоҭиа иҳәоит афильм аҭыхраан амассовкақәа шырацәаз, ақыҭақәа рҟынтәи ауаа шалархәыз.

Актиор иҟаиҵо ахәшьарала акиносахьа ақәҿиара ду аман, ахәаԥшыҩцәа ибзианы ирыдыркылеит. Иара аҭыхрақәа мҩаԥысуан хымз инарзынаԥшуа. Аиҳарак ҭыхын Арасаӡыхь ақыҭан.

Ажәабжьқәа зегьы
0