Мушьни Лашәриа "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара ианашьоуп

© Sputnik / Бадрак АвидзбаПрезидент наградил орденом Ахьдз-Апша Мушни Ласуриа
Президент наградил орденом Ахьдз-Апша Мушни Ласуриа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мушьни Лашәриа – Аԥсны жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩы, акритик, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла хаҭа, афилологиатә наукақәа ркандидат.

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Мушьни Лашәриа 80 шықәса ихыҵра амш аҽны ианеишьеит "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит Мушьни Лашәриа амилаҭтә литератураҿ илагаламҭа ахәшьара шыуадаҩу.

"Мушьни Лашәриа ирҿиамҭақәа адунеи аҟны еицырдыруа иреиуаны иҟоуп, еиҭагамҭақәа ракәзар ҟазара ҳаракыла имҩаԥгоуп. Иарбанызаалакгьы инапы злеикыз аус аҿы Мушьни Лашәриа ақәҿиара имҩанызоуп. Ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, агәамч, арҿиаратә усура ду шәаԥхьа ишышьҭоу азы агәрагара сыманы сыҟоуп", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц иазгәеиҭеит атәыла Ахада инапынҵала ишаԥҵоу аҳәынҭқарратә комиссиа, акомиссиа ашықәс ахы-аҵыхәа иҭагӡаны ишымҩаԥыргало Мушьни Лашәриа 80-шықәса ихыҵра иадҳәалоу аиубилеитә усурақәа.

"Хәажәкырамзазы имҩаԥысраны иҟоуп Мушьни Лашәриа ирҿиаратә хәылԥазы, разырхиара иаҿуп аиҭаҭыжьразы ирҿиамҭақәа. Урҭ рыдагьы иазыԥхьагәаҭоуп Москва арҿиаратә хәылԥазы амҩаԥгарагьы", — иҳәеит Барцыц.

Аиубилиар Аԥсны Ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз агәцаракразы.

"Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит исышәҭаз агәцаракразы. Адунеи зегь аҟнеиԥш ҳара ҳҟынгьы арҿиара знапы алаку ауаа ҳамҭак ҳаундаз ҳәа аус руӡом. Арҿиаҩы изы ихадоу – иҩныҵҟатә гәаҳәареи игәҭыхеи раарԥшра алыршароуп. Аха ажәлари аиҳабыреи уџьабаа аҳаҭыр анақәырҵо агәахәара ду унаҭоит", — иҳәеит Мушьни Лашәриа.

Аиубилиар Рауль Ҳаџьымба ианеишьеит ааигәа, иара ицхыраарала иҭыҵыз, аԥсшәахь еиҭаго ашәҟәы "Евгени Онегин".

Ажәабжьқәа зегьы
0