Атәыла Ахада афымцалашара апроблема ӡбатәуп иҳәеит

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭнергетические объекты. Архивное фото.
Энергетические объекты. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахадеи Гагра араион ауааԥсыреи реиԥылара мҩаԥысит ахаша, ажьырныҳәа 17 рзы.

ГАГРА, ажьырныҳәа 18— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Гагра араион Ахада инапы ианиҵеит ишзалшо ала иаарласны Багрыԥшь ақыҭаҟны афымцалашара апроблема иӡбарц.

"Заур Рамшьыхә-иԥа, мчыбжьык аҩныҵҟала атрансформатор шышәыԥсахыз азы адырра сышәҭароуп. Ианышәзыҟамҵа аҩныҟа шәцар акәхоит", — иҳәеит иара.

Встреча президента с общественностью Очамчирского района - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Ахада: аизарақәа мҩаԥызгаз аполитикатә ҭагылазаашьа ҵыршәаауеит

Багрыԥшь ақыҭа ауааԥсыра атәыла Ахада иахь аҳәара ҟарҵеит афымцалашара апроблема аӡбараҿы ацхыраара риҭарц.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны иахьаҵанакуа афымцастанциаҵаҟәшақәа зегьы рҭыԥ ишықәҵо.

"Аусурақәа мҩаԥган урыстәылатәи афинанстә цхыраарала. Ииашоуп, афымцатә ҳақәа рҭагылазаашьа акыр иуашәшәыроуп, аха урҭ зегьы неиԥынкыланы реиҭашьақәыргыларазы акыр аԥара аҭахуп, жәа-миллиардкгьы азхом", — иҳәеит иара.

Иара убри аан дазааҭгылеит афымцалашара ахә ахшәаара рацәак бзиа ишырымбо атәы.

Ажәабжьқәа зегьы
0