Гагра араион Ахада инапынҵақәа назыгӡо даҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГеннадий Цвижба
Геннадий Цвижба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәамза 29 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Гагра араион Ахада изы Аусҧҟа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 30— Sputnik. Ажьырныҳәамза 29 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Гагра араион Ахада изы Аусҧҟа. Абри атәы анацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

Аусҧҟаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

"Ихы дақәиҭтәызааит Бганба Заур Рамшьыхә-иҧа Гагра араион Ахада имаҵзураҟнытә ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны. Гагра араион Ахада имаҵзура инапынҵақәа аамҭала инапы ианҵазааит Гагра араион Ахада ихаҭыҧуаҩ Ҵәыџьба Геннади Платон-иҧа".

Ажәабжьқәа зегьы
0