Аволонтиортә центр "Аԥеиԥш" аусура иалагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс конференция об учреждении волонтерского центра "Апеипш"
Пресс конференция об учреждении волонтерского центра Апеипш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аволонтиортә центр ҿыц "Аԥеиԥш" аԥҵара иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит аԥшьаша, жәабран 1 азы Sputnik апресс-центр аҿы.

АҞӘА, жәабран 1— Sputnik, Бадри Есиава. Аволонтиортә центр ҿыц "Аԥеиԥш" аԥҵара иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит аԥшьаша, жәабран 1 азы Sputnik апресс-центр аҿы. Ацентр ҿыц аусура ишалагаз азы аҳәамҭа ҟарҵеит апресс-конференциаҿы Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭеимураз Кәакәасқьыри ацентр ашьаҭаркыҩцәеи.

Эсма Квициния - Sputnik Аҧсны
Арадио
Есма Кәыҵниаԥҳа: араионтә хеилакқәеи ҳареи аимадара ҳабжьам

"Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аволонтиортә усура аҭыԥ ду ааннакыло иалагеит. Ирацәахеит аиҿкаарақәа. Асоциал-економикатә кризис аамҭа ҳанҭагыло ари аусура Аԥсназы акраҵанакуаны сахәаԥшуеит", — иҳәеит Кәакәасқьыр.

Иара убасгьы дрылацәажәеит Европеи Аԥсни рволонтиортә усурақәа реиԥшымзаара. Кәакәасқьыр игәаанагарала Мраҭашәараҟны волонтиорцәаны иқәгылоит 35-40 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ауаа, Аԥсны акәзар, ари аус рнапы аларкуеит 18-25 шықәса зхыҵуа аҿар. Дара ирҭаху ареспублика иахәарцоуп, аҳәынҭқарра аргылара рџьабаа аларҵарц ауп.

Атемала ажәабжь шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

Аҿартә политиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы иазгәеиҭеит аусура хра аманы иҟаларц азы аволонтиорцәа ацхыраара рыҭалатәуп, ирыдгылалатәуп ҳәа.

"Ҳәарада аволонтиорцәа ацхыраара рҭахуп. Ҳара ҳаилак ахахьы иагоит дареи ҳареи ҳаиԥш егьырҭ аиҿкаарақәагьы рнырра амҩаԥгара, иара убасгьы ҳазыхиоуп афинанстә, атехникатә, аҽа цхыраарак аҟаҵара", — иҳәеит Ҭеимураз Кәакәасқьыр, иагьазгәеиҭеит ишазыԥхьагәаҭо аволонтиорцәа ҿарацәа рԥышәа аизырҳаразы Урыстәыла имҩаԥысло атренингқәа рылархәра.

Аволонтиортә центр "Аԥеиԥш" ахада Саид Ҟәыланба еиҭеиҳәеит русура шхацыркыз атәы. Иара иажәақәа рыла дара уаанӡагьы рҽазыршәахьан ацентр аиҿкаара.

Встреча глав районных комитетов - Sputnik Аҧсны
Астол гьыжь аҟны аҿартә политика иалацәажәан

"Аҳәынҭеилакы аҿы иаԥҵаз аволонтиортә центр анхыбгала ашьҭахь иара алахәылацәа рнапы зларкуа рымамкәа иҟан. Иҳаӡбеит агәыԥ "Авангард" аԥаҳҵарц, аха аамҭақәак рышьҭахь Ҭеимураз Кәакәасқьыр иҳадигалеит ацентр ҿыц "Аԥеиԥш" аԥаҳҵарц. Уи азы зегьы иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит", — иҳәеит Ҟәыланба.

Ацентр хықәкы хаданы иамоуп аҿар реидкылара, ауаажәларратә хырхарҭа рыҭара.

"Аԥеиԥш" ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭенгиз Шьанаа иажәақәа рыла ацентр аусура иаиуеит ахырхарҭақәа быжьба: аекологиатә, акультуратә, аспорттә, аинформациатә, асоциалтә хырхарҭақәа.

"Абарҭ ахырхарҭақәа рыдагьы ҳара активла ҳрылахәхоит Аҿартә политиказы аилак имҩаԥнаго аусурақәа зегьы", — иҳәеит Шьанаа.

Ацентр "Аԥеиԥш" волонтиорс иҟалар рылшоит дарбанзаалак, 14 шықәса зхыҵыз.

Ажәабжьқәа зегьы
0