Аԥсныи Науруи Рпарламентқәа аусеицуразы аиқәшәаҳаҭра нап аҵарҩит

© Фото : mfaapsnyПодписано Соглашение о межпарламентском сотрудничестве между Республикой Абхазия и Республикой Науру
Подписано Соглашение о межпарламентском сотрудничестве между Республикой Абхазия и Республикой Науру - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Науру аҳәынҭқарра ахьыԥшымра 50 шықәса ахыҵра иазкны еиҿкааз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәын Аԥснынтәи аделегациа.

АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik. Аԥснытәи аделегациа Науру аҟазаара иалагӡаны, нап аҵаҩын Аԥсны Жәлар реизареи Науру аҳәынҭқарра Апарламенти рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра. Абри атәы аанацҳауеит Адәныҟатәи аускәа рминистрра аофициалтә саит.

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩит Аԥсны Жәлар реизара ахада ихаҭыԥуаҩ Саид Ҳаразиеи Науру аҳынҭқарра Апарламент ахада Сирил Бурамани.

"Аԥсны Жәлар реизара ахада ихаҭыԥуаҩ Саид Ҳаразиа иазгәаиҭеит аҩҳәынҭқаррак рыбжьара ган рацәала аусеицура шхацырктәу. Иара убас иҳәеит, жәларбжьаратәи азҵааракәа рыӡбаразы Апарламентқәа рыбжьара аԥышәеимдара иахәҭаны ишыиԥхьаӡо", — азгәаҭоуп аацҳамҭаҿы.

Науру Апарламент ахада Сирил Бураман аԥсуа делегациа алахәылацәа иҭабуп ҳәа раиҳәеит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рхы ахьрыладырхәыз, нап зҵаҩу аиқәшаҳаҭра иабзоураны аҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьа иаҳа иҳараку аҩаӡарахь инеип ҳәа агәыӷра ааирԥшит.

Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, жәларбжьаратәи ахеилакқәа реимадаразы адепартамет аиҳабы Артур Гагулиа.

© Фото : mfaapsnyПодписано Соглашение о межпарламентском сотрудничестве между Республикой Абхазия и Республикой Науру
Подписано Соглашение о межпарламентском сотрудничестве между Республикой Абхазия и Республикой Науру - Sputnik Аҧсны
Подписано Соглашение о межпарламентском сотрудничестве между Республикой Абхазия и Республикой Науру
Ажәабжьқәа зегьы
0