Есышықәса Аԥсны 500-ҩык акьыбачымазара змоу алԥшаахоит

© Sputnik Сария Кварацхелия Пресс конференция ко дню борьбы с раковыми заболеваниями
Пресс конференция ко дню борьбы с раковыми заболеваниями - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акьыбачымазара иаҿагыланы ақәԥара Амш иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит Sputnik аҿы жәабран 2 рзы.

АҞӘА, жәабран 2 — Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Есышықәса Аԥсны 500-ҩык рҟынӡа кьыбачымазара змоу ауаа алԥшаахоит иҳәеит апресс-конференциаҟны Аԥсны амилаҭтә кьыбачымазаартә центр аҳақьым хада Лев Аргәын.

"Бжьаратәла Аԥсны есышықәса 500-ҩык ауаа акьыбачымазара шрымоу шьақәҳаргылоит. Ачымазара иахҟьаны иԥсыз ртәы ҳҳәозар, ииасыз ашықәс азы рыԥсҭазаара иалҵит 134-ҩык ауааԥсыра", — иҳәеит Аргәын.

Аҳақьым хада иажәақәа рыла аиҳарак Аԥсны ирылаҵәаны иҟоу арыԥҳа акьыба амазареи агәыԥҳәы акьыба амазареи роуп.

"Аԥсны еиҳа ирылаҵәаны иҟоу акьыбачымазара арыԥҳаҿоуп иахьыҟоу. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы уи инаваргыланы иҿкит агәыԥҳәы акьыба амазаара. 2017 шықәса рзы иҟоу аҭагылазаашьа азыԥхьагәаҭаны ҳцентр аҿы иааҳартит апластикатә хирургиа, амаммологиа, агинекологиа рыҟәша. Аҟәша напхгара алҭоит Мрамза Кәарҷиаԥҳа", — иҳәеит Аргәын.

Агәыҳәԥы акьыба - Sputnik Аҧсны
Агәыҳәԥы акьыба: идыртәузеи

Мрамза Кәарҷиаԥҳа илҳәеит 2017 шықәса рзы апластикатә хирургиа, амаммологиа, агинекологиа рыҟәшаҿы ишымҩаԥгоу 58 операциа.

"Иахьа ҳара ҳҿы дарбанзаалак аԥҳәыс илымоуп алшара амаммографиа ҟаҵаны лхы гәалҭарц", — лҳәеит лара.

Ацентр аҟны аус луеит аԥсихолог. Уи ачымазцәа дрыҿцәажәоит, аԥсихологиатә цхыраара рылҭоит иҳәеит Лев Аргәын.

Лев Аргәын иара убасгьы иҳәеит акьыбачымазара алагамҭаз аанкылара шауа. Ихадоу ианаамҭоу аҳақьымцәа рахь анеироуп.

"70% рҟынӡа ауаа рчымазара иалургар алшоит ианаамҭоу аҳақьым иахь инеизар. Акьыбачымазара лгашьа змам ҳәа иԥхьаӡатәу чмазараӡам", — иҳәеит Аргәын.

Есышықәса, жәабран 4 рзы иазгәарҭоит акьыбачымазара аҿагылара Адунеизегьтәи амш (World Cancer Day).

Ажәабжьқәа зегьы
0