Алхас Ферзба Москватәи асценаҿы дықәгылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхас Ферзба.
Алхас Ферзба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
П. И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аконсерваториа асценаҿы Алхас Ферзба инеигӡараны дыҟоуп еиуеиԥшым аоператә рҿиамҭақәа.

АҞӘА, жәабран 7– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа шәаҳәаҩы Алхас Ферзба жәабран 11 рзы П. И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аконсерваториа асценаҿы иконцерт мҩаԥысраны иҟоуп. Абри атәы иҳәеит ашәаҳәаҩ ихаҭа, радио Sputnik аинтервиу аҭо.

Алхас Ферзба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Алхас Ферзба: жәларбжьаратәи аконкурс аҟны сиааира сырҿиара иацхрааит

"Аконцертмеистер Светлана Ефимова – Атеатр ду дасолиступ, Дмитри Хворостовски диҩыза гәакьан. Сара сзы уи акраҵанакуеит, избанзар ирацәоуп исзеиҭалҳәо. Лара исеиллыркаауеит инасыгӡараны иҟоу ашәақәа Хворостовски  ишиҳәоз, иҽшырзыҟаиҵоз. Хворостовски иеиԥш зеиԥшу аҟазацәа рзанааҭ шрыԥсҭазаароу", — иҳәеит Ферзба.

Алхас Ферзба иазгәеиҭеит Светлана Ефимова адирижиор иассистентк лыҳасаб алагьы аус шылуа адунеи еиуеиԥшым атеатрқәа рҟны.

"Лара аус лухьеит адунеиаҿ еицырдыруа атеатрқәа: Урыстәыла Атеатр Ду, Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху амузыкатә театр, Берлинтәи аопера, Миунхентәи аопера, Ковент-Гарден, Венатәи аопера, Циурихтәи аопера рҟны. Акыршықәса инеиԥынкыланы Дмитри Хворостовски ипианист-коуч лакәны дыҟан", — иҳәеит ашәаҳәаҩ.

Ферзба иазгәеиҭеит аконцерт дшалахәхо амеццо-сопрано Иулиа Мазурова – Атеатр Ду асолистка.

Иара иажәақәа рыла аконцерттә программа аоператә ариақәа рыла ишьақәгылоуп.

"Аконцерт даара аҭакԥхықәра зцу концертуп", — иҳәеит Алхас.

Алхас Ферзба иҳәеит дышгәыӷуаа концерт аинтерес аҵаны имҩаԥысып, ахәаԥшцәа ргәы иахәап ҳәа.

Ашәаҳәаҩ Аҟәа диит, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭеи асахьаркыратә ҵараиурҭеи дроушьҭымҭоуп.

2009 шықәса рзы шьахәла далгеит П. И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аконсерваториа авокал афакультет. Ирепертуар иалоуп: Зарецки иоператә партиа ("Евгений Онегин"), Собакин ("Царская невеста"), Бириуч ("Снегурочка"), Колин ("Богема" роператә партиақәа).

Алхас Ферзба – Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә филармониеи, Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониеи, П. И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аконсерваториа аоператә театри дырсолиступ.

Ажәабжьқәа зегьы
0