Аррамаҵзурауаа-атомографцәа аполигонқәа рыхсаалақәа шьақәдыргылеит

© Фото : Пресс-служба ЮВОРоссийские мотострелки ЮВО в горах Абхазии на БТР-82А отработают задачи современного ночного общевойскового боя
Российские мотострелки ЮВО в горах Абхазии на БТР-82А отработают задачи современного ночного общевойскового боя - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵарақәа раан иҭырҵаауан ҳаамҭазтәи ацифратә топографиатә системақәа.

АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. Арратә топограф Имш аламҭалазы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа-атопографцәа аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи 3D-модель ахсаалақәа шьақәдыргылеит. Аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵарақәа раан иҭырҵаауан ҳаамҭазтәи ацифратә топографиатә системақәа.

"Ироуз аинформациа инақәыршәаны аҟазауаа ақьаадтәи ацифратәи хсаалақәа шьақәдыргылеит, нас аҭыԥ аҭҵаара аплан рдуны иҟарҵеит. Аусурақәа раан аҭыԥ аҟны иҟаз аобиектқәа зегьы азыԥхьагәаҭан: аргыларақәа, ашьхатә ӡиасқәа, абнарақәа, аҩадарақәа, аҭҳәаақәа", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура иазгәанаҭоит асистема ахархәарала ишаԥырҵо ацифратә фотопланқәа, ишыркьыԥхьуа ахсаалақәа.

Мышкы имҩаԥысуаз арҭ аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын жәаҩыла асолдаҭцәеи афицарцәеи, ахархәара рыҭан арратә техника.

Ажәабжьқәа зегьы
0